АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәаразы Аҟәа жәанызқь реиҳа цәашьы адыркит.
Агәалашәара акциа иалахәыз ацәашьқәа ирылхны авертолиот афигуреи Лаҭатәи арыцҳара иалаблыз рхыԥхьаӡара - ацифра 87 шьақәдыргылеит.
"10-тәи ашкол авараҿы иҟоу апарк аҟынтәи ацәашьқәа кны Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟынӡа ҳнаӡеит. Уа ацифра 87-еи авертолиот афигуреи ацәашьқәа ирылхны иҳаргылеит. Ацәашьқәа жәанызқь цыра аҳаркит", - лҳәеит акциа алахәыла, Лаҭа авертолиот иҭаблыз Аԥсны Афырхаҵа Аслан Занҭариа иашьа иԥҳа Иарна Занҭариаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, шьыбжьон, ԥхынҷкәын 14 рзы 35-ҩык активистцәа Лаҭа ақыҭахь ицаны, авертолиот ахькаҳаз аҭыԥ аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ацәашьқәа адыркит, ажәҩан иаларҵеит 87 мпышҭарч шкәакәақәа.
Агәалашәара акциа еиҿыркааит активистцәа ҿарацәа.
Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахҵәацәа зықәтәаз авертолиот МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит. Авертолиот анышьҭыԥраа 12 минуҭ рышьҭахь, асааҭ 17:30 рзы уи аамҭазы Қырҭҭәылатәи архәҭақәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аҩхаа, Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз, 1900 метра аҳаракыраҿы иҭархан Ақырҭуа ҳәынҭсовет аруаа ихаларҵаз аракета "Адгьыл-аҳауа" ала. Рыԥсқәа шҭаз амца иалаблит 87-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, ааҩык зцәа зтәымыз аҳәса.
Авертолиот каҳаит Гәылрыԥшь араион Лаҭа ақыҭан. Уи иара убасгьы иҭан еицырдыруаз аԥсуа командирцәа Владимир Анцупов, Аслан Занҭариа, даҽа жәаҩаҩык аибашьцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аамҭа акгьы ахәышәтәӡом: Лаҭатәи арыцҳара иалаблыз ргәаладыршәеит Гәдоуҭа
Габелаиа Лаҭатәи атрагедиазы: иаҳа игәцаракны иазнеитәуп жәларбжьаратәи ақәыӡбара аиурц
"Ақыҭаҿы уажәазы 14-ҩык инарзынаԥшуа ачымазцәа ыҟоуп. Зегьы аҿкы рыхьны иҟоуп ҳәа ишьақәыргыланы иҟам, аха асимптоматикала иароуп уҳәар алшоит. Ахәшәқәагьы аиура цәгьахеит. Рыхәқәагьы еиҳахеит. Абри ачымазара ҟалеижьҭеи ахәшә 10 мааҭк иаԥсазҭгьы, 30 рҟынӡа инеит. Ажәлар рзы даара иуадаҩу аҭагылазаашьа шьақәгылеит. Ачымазаҩцәа рҟны мнеишьа сымаӡам, аҩны аҟара бжьазаргьы снеироуп, иага ихаразаргьы ус. Мышкы иалагӡаны 9-ҩык ауаа акапельница рзықәсыргылоит. Урҭ шьҭа мчыбжьык ҵуеит ирзыҟасҵоижьҭеи, дара алгар, нас еиҭа иззыҟаҵатәу ҟалоит. Река ақыҭа адагьы, Бедиа, Патрахәыҵа, уҳәа еиҭа ақыҭа ссақәа рҿгьы ачымазаҩцәа сымоуп. Ачымазара шысхызгахьоугьы, сҽацәысахьчоит, ҳәарада. Иаҭаху зегьы ҟасҵоит, сықәра злаҟоу ала еиҭа исыхьыргьы ауеит, еиҭа ачымазара ӷәӷәақәа схызгахьеит, абарҭ зегьы снарҿыԥшны зынӡа сзашьҭоузеи ҳәа схы сзыҟаҵом. Иара иааиуа зегьы ишахәҭоу иааиуеит. Ҳара ҳашшәо еиԥш даргьы шәоит", - ҳәа еиҭалҳәеит афельдшер.
Ламара Ҳашԥҳа-Қәычбериа илҳәеит ажьырныҳәамза мацара иалагӡаны 226-ҩык ауааԥсыра шлыдылкылахьо, урҭ рыбжаҩык атәым қыҭақәа рҟнытә иаауеит.
"Иҟоуп аҭагылазаашьақәа схала иаҭаху анрасҳәо, избанзар зегьы ақалақь аҟынӡа изцаӡом", - ҳәа азгәалҭеит афельдшер.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара аушьҭраз аԥкырақәа аланагалоит асистема иаиуа ахьанҭара инадҳәаланы ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".
Асеиԥш ауснагӡатәқәа ирылагоуп авариа дуқәа раԥырҟәҟәааразы. Астанциа маҷқәа ирҟәыгоу афидерқәа дырцәалоит ахьанҭара аныҟалалак.
"Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа иҳәеит афымцасистема ахьанҭара иҟалаз ахьҭақәа ирыхҟьеит. Уажәы ауаа еиҳа афымцалашара ахархәара арҭоит, уи адагььы уаанӡа иаҿыхыз амаинингфермақәа еиҭахьаҿаԥыршьуазы ҳәа.
Гагәылиа иҳәеит алашара арцәара бжьаратәла сааҭк аҟынӡа инаӡоит, ари аамҭа ҩ-сааҭк рҟынӡа инаӡазар, иплантәу арцәара акәӡам аҭыԥ змоу, авариоуп ҳәа.
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы аус ауеит ардырратә маҵзура. Азҵаарақәа зегьы рзы аҭел асра алшоит абри аномер ала: +7 940 730 02 20; +7 940 930 02 20.
Гагәылиа иҳәеит АУН аколлцентр ахь ауаа рацәа аҭел ишасуа. Авариақәак раамҭаан минуҭк ала шәҩык рҟынӡааамҭакала аҭел ианасуа шыҟоу.