Ашықәс ҿыц азы аԥсшьараз Аԥсны урыстәылаа еиҳа иалыркаауа хырхарҭахеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовогодняя ель в Центральном детском магазине на Лубянской площади в Москве.
Новогодняя ель в Центральном детском магазине на Лубянской площади в Москве. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылаа реиҳараҩык ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа аҩны ирхыргарц рыӡбеит (85% изазҵааз рҟынтәи).

АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Ҭырқәтәыла, Аԥсны, Еидҵоу Арабтәи Аемиратқәа реиҳа аныҳәаз аԥсшьара ахьырҭаху ҭыԥны иҟоуп урыстәылаа рзы. Ари еилкаахеит амаҵзура "Яндекс.Путешествия" жьҭаааара-ԥхынҷкәын рзы имҩаԥнагаз азҵаараҭҵаара адыррақәа рыла.

85% урыстәылаа ирҳәеит аныҳәа аҩны ишаԥылоу. Ари аҩыза аӡбра мзызны иамо:
  • Аԥара азымхара - 34% респондент,
  • 29% традициала ашықәс ҿыц азтәи аныҳәа аҩны иаԥылоит,
  • 13% акоронавирус иацәшәоит,
  • 9% акоронавирустә пандемиа иахҟьаны иҟоу аԥкырақәа рзы рыҩны аанрыжьуам.

Ус шакәугьы атәыла аҩныҵҟа аԥсшьара ицо маҷым. Аиҳарак аҩныҵҟатә туризм ҿиоит Шәача, аҩбатәи - Москва, ахԥатәи - Санкт-Петербург.

"Яндекс.Путешествия" –аотельқәа рыԥшаара, аҳаирпланқәа, адәыӷбақәа, автобусқәа рахь абилеҭқәа рыԥшаара ирзырхоу маҵзуроуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0