Скорик илҳәеит COVID-19 азы анализ аҭаразы агәаранқәа рцәырҵра зыхҟьаз

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссийский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов
Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асанепидемстанциа COVID-19 атест-ҭҵаамҭақәа рхыԥхьаӡара есҽны 500 ирҟынӡа имҩаԥнагоит. Абиоматериал аҭаразы еиҭахгьы агәаранқәа цәырҵит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик ишылҳәо ала, Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы абиоматериал аҭаразы еиҭахгьы агәаранқәа цәырҵит, уи зыхҟьаз арахь акоронавирустә инфекциа рымазаара агәаҭаразы ичмазцәоу рыдагьы ауаа ахьааиуа ауп. Убас, рхы гәарҭарц азы мызкахьы ҩынтә-хынтә анализ ҟазҵо ыҟоуп.

Измеряют температуру  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 аҿагылараз Аоперштаб аилатәара мҩаԥысит Аҟәа

Агәаранқәа аҽа мзызкгьы рымоуп. Уи ареспублика ақалақьқәеи ариаонқәеи рҟынтәи ауаа анализ аҭаразы иаауеит, раионцыԥхьаӡа абиоматериал агарҭа апунктқәа шаартугьы.

Абарҭ ирхырҟьаны Агәабзиарахьчара аминистрра аӡбра аднакылеит атәылауаа атест-мҩаԥгара иахьынхо аҭыԥ аҿы иҟарҵаларц.

"Агәабзиарахьчара аминистрра асеиԥш аӡбра аднакылеит ҳтәылауаа ПЦР-диагностика ианаҭахугьы ианаҭахымгьы иҟарымҵаларц. Иаҳзеилкаауам ауаа ҭыԥк аҟынтә аҽа ҭыԥкахь инеиуа атестқәа зарҭо. Иҟалап ҳлабораториа аус шауа гәарҭозар. Аха ироуа аҭакқәа еиԥшуп. Зегь дара роуп абиоматериал ҳлабораториахь аҿоуп иахьеизакхо. Уи адагьы ҳтәылауаа зегьы ари ахәышәтәырҭаҿы анализ арҭарц рҭахуп. Очамчыра ма Гәылрыԥшь инхогьы арахь иаауеит. Убри аан уаҟа анализ адкылараз алшара ыҟоуп",- лҳәоит Скорик.

Атест аҭаразы атәылауаҩшәҟә умазароуп. Аԥсны ауааԥсыра рзы иара хәыда-ԥсадоуп. Аҳәаанырцәуаа аԥара ахыршәаауеит. Асеиԥш аӡбра зрыдыркылаз Аԥсны иатәылауаам атәыла аҵакыраҿы хәыда-ԥсада амедицинатә маҵзурақәа ахьроуа азоуп.

"Адунеи аҟны џьаргьы усеиԥш иҟаӡам. Иара ҳгәылара Урыстәыла акәзаргьы атәылауаҩра умамзар ма амедицинатә полис умамзар хәыда-ԥсада амедицинатә маҵзура уоуӡом. Иҟоуп Адлерынтәи Гагратәи ахәышәтәырҭа хадахьы ианаауа аҽыхәышәтәразы. Асеиԥш аилагарақәа ҟамларц азы иӡбан атәылауаҩшәҟәқәа рыла анализ аҭара унеирц",- лҳәеит Лиудмила Скорик.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 7504-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 5545-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит шәҩык.

Президент Абхазии Аслан Бжания встретился с министром здравоохранения РФ Михаилом Мурашко  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 аҿагылареи агәабзиарахьчара азҵаарақәеи: Бжьаниеи Мурашкои еиԥылеит

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 112-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 98-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 32-ҩык, ибжьаратәуп - 30-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа. Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҟны ишьҭоуп 23-ҩык.

Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 52-ҩык пациент. 47-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0