Адгәыр Ҳаразиа иганахьала аӡбамҭа рыдыркылеит

© Sputnik / Томас тхайцукСудейский молоток
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 14 рзы Аҟәа, Турбаза араион аҿы аҭыԥ аман аиҿахысра. Аӡәы дхәуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17- Sputnik. Турбаза аҭыԥ змаз ахысра далахәын ҳәа гәҩарас дҟаҵаны иаанкылаз Адгәыр Ҳаразиа иганахь ала аҩнытә баандаҩра ҳәа азыӡба аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа, аӡбаҩ Мараҭ Аҩӡба хантәаҩыс дызмаз аилатәараҿы, абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура.

Наручники  - Sputnik Аҧсны
Адгәыр Ҳаразиа даанкылоуп Аҟәа аҭыԥ змаз ахысра далахәын ҳәа гәҩарас дҟаҵаны

Уаанӡатәи Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа Турбаза аҭыԥ змаз ахысра далахәын ҳәа гәҩарас дҟаҵаны даанкылан. Иара иумҭа аҵанакуеит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 105 ахәҭа 1 (гәҭакыла ауаҩы игәабзиара ааха аҭара), ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 (закәаншьаҭада абџьар аныҟәгара) инақәыршәаны. Алмас Шьаҟрыл ахәра ахьиуз ахҭыс ҟалеит ԥхынҷкәын 14, 2020 шықәсазы. 

Ԥхынҷкәын 16 рзы иаанкылаз уаанӡатәи Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа Аҟәа ақалақь апрокурор иақәшаҳаҭрала аҩнытә баандаҩра иҭазарц азыӡба аднакылеит.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәҵара Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иахашшаар рылшоит аганқәа зегьы иара анрылаҳәаха ашьҭахь хымш рыҩныҵҟа.

Агәызҩара ззыҟоу ахаҿы ихара аӡбарҭа аӡбамҭа ишьақәнарӷәӷәаны азакәантә мчра анаиулак ашьҭахьынӡа ахара идым ҳәа дыԥхьаӡоуп ҳәа азгәанаҭоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0