Бадра Гәынбеи Алексеи Двинианини Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшьқәа рхаҭарнакцәа ирԥылеит

© Foto / Официальный сайт Президента Республики Абхазия Бадра Гунба
Бадра Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩи Аԥсны иҟоу Урыстәыла адипломатиатә хаҭарнакра ахадеи аурысқәа ринтересқәа ирыҵагылоу аиҿкаарақәа аамҭа-аамҭала рԥылара аидеиа иадгылеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини рхы аладырхәит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аицџьынџьуаа руаԥшь Аконгресси аицџьынџьуаа зинлеи социаллеи ацхыраара рыҭараз Ассоциациеи рактивқәа реизара.

Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшь акоронавирус аҿагылараҟны ацхыраара ҟанаҵоит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшь акоронавирус аҿагылараҟны ацхыраара ҟанаҵоит

Аиԥылараҿы ирылацәажәан аиҿкаарақәа русура иадҳәалоу азҵаарақәа. Алахәылацәа ирҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аицџьынџьуаа руаԥшь Аконгресси аицџьынџьуаа зинлеи социаллеи ацхыраара рыҭараз Ассоциациеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи еиҳа реинырра аҭахны ишыҟоу.

Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩи Аԥсны иҟоу Урыстәыла адипломатиатә хаҭарнакра ахадеи аурысқәа ринтересқәа ирыҵагылоу аиҿкаарақәа аамҭа-аамҭала рԥылара аидеиа иадгылеит.

Аизара ашьҭахь Бадра Гәынбеи Алексеи Двинианини аҭааит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Аԥсны рыҟазаара иазкыз афотоцәыргақәҵа. Ацәыргақәҵа автор Владимир Попов Аԥсны иҟоу аицџьынџьуаа зинлеи социаллеи ацхыраара рыҭараз Ассоциациа напхгара аиҭоит, Геннади Никитченко – Аԥсны иҟоу Урыстәыла аицџьынџьуаа руаԥшь Аконгресс.

Ажәабжьқәа зегьы
0