Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы атомограф ааныркылеит афымцалашара ахьеиԥҟьо азы

© Sputnik / Сергей Пивоваров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие медцентра Минобороны РФ для пациентов с COVID-19 в Ростове-на-Дону
Открытие медцентра Минобороны РФ для пациентов с COVID-19 в Ростове-на-Дону - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акомпиутертә томограф ахысразы ауааԥсыра рыдкылара иалагоит афымцалашара арцәарақәа ианырҟәаҵлак ашьҭахь.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы ишьақәыргылоу акомпиутертә томограф ԥхасҭа амаӡам, аха уи аусура аанаҳкылеит афымцалашара аамҭа-аамҭала иахьдырцәо иахҟьан ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиа идҵала атомограф аҿыхзаауеит афымцеиқәыршәара ишақәнагоу ироуа иалагаанӡа.

"Афымцалашара аамҭа-аамҭала иахьдырцәо иахҟьаны атомограф аҿаҳхыр акәхеит, уи мблырц азыҳәан. Иара ԥхасҭа ҳәа акгьы амаӡам. Ишақәнагоу аусура алшоит", - ҳәа Гәыргәлиа иажәақәа ааргоит агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Арентгенҭыхра аҟәша аиҳабы Аслан Берзениа излеиҳәаз ала, еиԥҟьарада атомограф аус азыруа амыруга уажәы-уажә афымцалашара арцәарақәа азышьҭыхӡом, аусура иаҟәыҵуеит. Иара иажәақәа рыла, аспециалистцәа ари апроблема аӡбара иаҿуп.

Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиуа иалагеит ԥхынҷкәын 11 инаркны, уи ашьҭахь атәылаҿы аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәарақәа ирҟәаҵит. Аха уеизгьы зны-зынла алашара ыцәалоит афымцатә ҳақәа ирықәу аидара иахҟьаны. Аҟәа иахьа уажәраанӡа астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны аиҭашьақәыргыларақәа ацара иаҿуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0