Аԥснытәи аиқәԥаҩцәа ахьи аџьази ириааит Урыстәылазегьтәи аицлабраҿы

© Foto / Госкомспорт АбхазииБорцы из Абхазии взяли золото и бронзу на соревнованиях в России
Борцы из Абхазии взяли золото и бронзу на соревнованиях в России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
СССР зҽаԥсазтәыз атренер, жәларбжьаратәи аекстра-класс акатегориа иаҵанакуа аӡбаҩ Александр Попов игәалашәара иазкыз Зых иақәиҭу аиқәԥаразы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа мҩаԥысуан Москватәи аобласт Мытишьи ақалақь аҟны ԥхынҷкәын 18-20 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Гьаргь Адлеиба актәи аҭыԥ ааникылеит Мытишьи имҩаԥысуаз Зых иақәиҭу аиқәԥаразы Урыстәылазегьтәи аицлабраҿы, абри атәы ааицҳаит зых иақәиҭу ақәԥаразы азыҟаҵаҩ Ҭемыр Џьопуа.

Аицлабраҿы иара убас ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Асланбек Гәарамиа, аԥхьахәтә ҭыԥ аиааира илымшеит Асҭамыр Гәынба, уи ааха ахьиоуз аҟнытә.

"Гьаргь Адлеиба актәи аҭыԥ ааникылеит зыкапан 57 килограмм иҟоу рыбжьара. Асланбек Гәарамиа ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит зыкапан 86 килограмм иҟоу рыбжьара. Дара Урыстәыла аспортсменцәа ирацлабуан. Асҭамыр Гәынба иакәзар, уи ааха ахьиоуз аҟнытә ақәԥара изацымҵеит. Иара Гәдоуҭатәи аспортшкол дааӡамҭоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.

Ахацәа рыбжьара Зых иақәиҭу аиқәԥаразы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа ирылахәын 100-ҩык инареиҳаны Урыстәыла арегионқәа зегь рҟынтәи аспортсменцәа.

Аицлабрақәа ирылахәыз Гьаргь Адлеибеи Асланбек Гәарамиеи аиааирақәа ргахьеит. Асланбек Гәарамиа - арԥарацәа рыбжьара 2015 шықәсазы дчемпионхеит, аҿарацәа рыбжьара Урыстәыла 2018 шықәсазы дчемпионхеит, иара ажунеизегьтәи аицлабрақәагьы дрылахәын, уа иааникылеит ахәбатәи аҭыԥ. Гьаргь Адлеиба аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Урыстәыла ачемпионат аҟны 2018 шықәсазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0