Кәыдрытәи аиҩхаа ақыҭақәа руак анхацәа акоронавирус рыдбалоуп

© Foto / МЧС РА Кодорское ущелье
Кодорское ущелье  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абри азы адырра шыҟалаз аиԥш Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа абригада еиҿкааны, аминистр Лев Кәыҵниа дрыцны аиҩхаахь инеиит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Кәыдрытәи аиҩхаа ақыҭақәа руак аҿы акоронавирус ахы цәырнагеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсԥны АҶА апресс-маҵзура. Абри азы адырра ҟаҵан аԥсшьарамшқәа раан.

© Foto / МЧС РА Кәыдрытәи аиҩхаа ақыҭақәа руак аҿы акоронавирус ахы цәырнагеит
Кәыдрытәи аиҩхаа ақыҭақәа руак анхацәа акоронавирус рыдбалоуп - Sputnik Аҧсны
Кәыдрытәи аиҩхаа ақыҭақәа руак аҿы акоронавирус ахы цәырнагеит

Абри азы адырра шыҟалаз аиԥш Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа абригада еиҿкааны, аминистр Лев Кәыҵниа дрыцны аиҩхаахь ицеит.

Иргаз атестқәа иаадырԥшит аиҩхаа ауааԥсыра хәҩык акоронавирус шрымаз. Ачымазцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Зынӡа атестҟаҵара иахыжьын 23-ҩык.

Ичмазаҩу рҟынтәи хҩык Аҟәаҟа ииаган, ҩыџьа аҩны ахәышәтәра иахысуеит. Ақыҭауаа ирҳәеит ихымԥадатәиу ахәшәқәа рыла ишеиқәшәоу.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб хаҭала Кәыдрытәи аиҩхааҿ аҭагылазаашьа ахылаԥшра ихахьы игеит.

Аԥсны авирус COVID-19 зыдбало рхыԥхьаӡара быжьнызқь ирыцуп.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0