Аԥсуа ԥарашәаратә система АԤРА "World" Ҭырқәтәыла ирыдыркыло иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБанковские карты Апра
Банковские карты Апра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә банк адыррақәа рыла ахсаалагақәа АԤРА "World" 2020 шықәса рзы Урыстәыла ақалақьқәа 144 рҿы иара убасгьы Ереван, Минск, Ташкент рҿы аоперациақәа мҩаԥыргеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Ҭырқәтәыла абанк дуқәа рҟны рхы иадырхәо иалагеит аԥсуа ԥарашәаратә система АԤРА "World" ҳәа аанацҳауеит Амилаҭтә банк.

Макет новой карты Апра - Sputnik Аҧсны
Ахсаалага АԤРА "World" 2020 шықәсазы адунеи аҿы ахархәара еиҳахеит

Аԥсуа ԥарашәаратә система АԤРА "World" ахархәара агеографиа арҭбаара хықәкыс иҟаҵаны Ҭырқәтәыла имҩаԥган акроссистематә операциақәа рхархәара. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭырқәтәыла абанк дуқәа ҩба "Is Bank" (Ишбанк)? "Ziraat Bank" (Зираат банк) ртерминалтә ҳақәа рҿы аоперациаз ахсаалагақәа равторизациа, рклиринг мҩаԥган.

"Ишбанк" аекваирингтә ҳа еиднакылоит 6500 рҟынӡа банкомати абанктә хсаалага ахьрыдыркыло 400 000 ҭыԥи. "Зираат банк" атерминалтә ҳа шьақәгылоуп 7 200 банкомати абанктә хсаалага ахьрыдыркыло 500 000 ҭыԥи.

Иахьазы АԤРА "World" рыдыркылоит Урыстәыла, Беларусь, Узбекистан, Ермантәыла, Ҭырқәтәыла.

Амилаҭтә банк адыррақәа рыла ахсаалагақәа АԤРА "World" 2020 шықәса рзы Урыстәыла Санкт-Петербург, Воронеж, Новосибирск, Ростов-на-Дону, Волгоград, Астрахан, Пенза, Екатеринбург, Омск, Пермь, Сургут назлоу ақалақьқәа 144 рҿы иара убасгьы Ереван, Минск, Ташкент рҿы аоперациақәа мҩаԥыргеит.

Зегь раасҭа ахсаалагақәа ахархәара рыҭан Москвеи Шәачеи. Еиҳа ихароу қалақьхеит ахсаалага ахархәара ахьаиуз ақалақь Владивосток.

Ажәабжьқәа зегьы
0