Аслан Бжьаниа Аԥсны аенергетикцәа дрыдныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Абхазии Аслан Бжания во время пресс-конференции.
Президент Абхазии Аслан Бжания во время пресс-конференции. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада иазгәеиҭеит аусхк аҟны зҟазара ҳараку ауаа шракәу аенергетика аекономика ахәҭа хадақәа иреиуаны иҟазҵаз.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аенергетикатә усхк аусуҩцәа рыпрофесстоналтә ныҳәа рыдиныҳәалеит ҳәа аҳәоит ахада исаит.

"Шәыпрофессионализм ҳарак ду, шәусура шәыжәлар рзы аҵак ду аманы ишыҟоу аилкаара, шәхы-шәыԥсы амеигӡара иалдыршоит атәыла аекономика ахырхарҭа хадақәа ируаку аусхк аиқәырхара", - аҳәоит атекст аҿы.

Атәыла ахада иажәақәа рыла иуадаҩуп иахьатәи аамҭазы аенергетикцәа рџьа ахәшьара аҭара.

"Ԥсшьарада, уахи-ҽни, шәара иалшогьы иалымшогьы ҟашәҵоит ҳтәылауаа рыҩнаҭақәа рҿы аԥхарреи алашареи ыҟазаарц. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Атәыла ахада иусдҵа инақәыршәаны аҳаҭыртә хьӡы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аенергетик" рыхҵоуп аусхк аусуҩцәа жәпаҩык.

"Аԥсны аенергетикатә усхк аҿиараҿы рлагаламҭазы аҳаҭыртә хьӡы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аенергетик" рыхҵазааит: Павел Гамгьиа, Гурам Џьаџьаиа, Нонна Џьопуаԥҳа, Резо Занҭариа, Каспариан Григори, Темур Кациа, Руслан Кәарҷиа, Игор Лабиа, Арутиун Хоџьикиан", - аҳәоит аҳәынҭқарра ахада иусдҵаҿы.

Абҵарамза аахыс Аԥсны аенергетикатә кризис иҭагылоуп. Абҵара 15 рзы атәылаҿы иалагалан аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәаразы аграфик. Амза анҵәамҭазы имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа иалдыршеит закәаншьаҭада афымцатә ҳақәа рҽаԥшьра азин аҟамҵара.   Уи ф-сааҭк рҟынтәи ԥшь-сааҭк рҟынӡа алашара арцәара, аамҭақәак рышьҭахь ҩ-сааҭк рҟынӡа иларҟәын.

Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 рзы. Убри иахҟьаны Аҟәа агәи мраҭашәаратәи ахәҭеи, иара убас Иашҭхәа ақыҭеи мышқәак фымцалашарада иаанхеит. Иҟалаз авариа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы АУН "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы адԥхьалан. Мчыбжьык ашьҭахь, асабша, ԥхынҷкәын 12 рзы астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны аусура иаларган атрансформаторқәа зегьы.

Мышқәак рышьҭахь апроблема аӡбра аҭан.

Аԥсны аенергетик Имш азгәарҭоит ԥхынҷкәын 22 рзы. 1966 шықәса лаҵара 23 рзы СССР Иреиҳаӡоу апрезидиум адҵала  аенергетик Имш шьақәыргылан, Урыстәыла аелектрофикациазы аҳәынҭқарратә план анрыдыркыла амш ахьӡала (ГОЕЛРО). ГОЕЛРО аплан рыдкылан 1920 шықәса ԥхынҷкәын 22 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0