Аԥсны ҩынтәны COVID-19 лыдырбалеит 16-шықәса зхыҵуаз аӡӷаб

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь COVID-19 ФКЦ ВМТ ФМБА РФ
Госпиталь COVID-19 ФКЦ ВМТ ФМБА РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апациентка акоронавирус жьҭаарамзазы иԥсыҽны илхылгеит. Аҽазныкгьы аҳақьымцәа рахь анеира лықәшәеит ԥхынҷкәын 15 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Аԥсны ҩынтәны COVID-19 лыдырбалеит 16-шықәса зхыҵуаз аӡӷаб, лара уаанӡа COVID-19 лхылгахьан ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.

"Алабораториаҿы ишьақәырӷәӷәахеит ҩынтәны лчымазара", - лҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Аԥсны даҽа ԥшьҩык акоронавирус шрыхьыз шьақәыргылоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирус зыхьыз ауаа еиҭа иҟалеит

Раԥхьаӡакәны лара амедусҳәарҭахь днеит жьҭаара 6 рзы. Лшоура маҷк ихалан иҟан, агьамақәеи афыҩқәеи лаҳауамызт. Жьҭаара 8 рзы ПЦР-диагностика акоронавирус шлымаз шьақәнаргылеит.

Скорик ишылҳәо ала аӡӷаб 14 мшы лхы ԥхьакны дыҟан, лчымазара ԥсыҽны ахы аанарԥшуан. Аамҭақәак рышьҭахь аҩбатәи атест ачымазара шлылгаз анарбеит. Аха ԥхынҷкәын 15 рзы COVID-19 аҟазшьақәа еиҭалызцәырҵит, аҳақьымцәа рахь днеиит.

"Анализ ҳлабораториаҿ иҟаҵаз ицәырнагеит акоронавирустә инфекциа шлымоу. Лара уажәы аҽыхәышәтәра дахысуеит. Лҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп", - лҳәоит Лиудмила Скорик.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 547-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 140-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0