Афымцацәаҳәақәа ахьанҭара раҵхразы Аҟәа алашара арцәара асхема алагалоуп

CC0 / / Лампочки
Лампочки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аҿы афымцалашара еиԥҟьарала анашьҭра ахьынӡаҟало макьаназ еилкаам.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа афымцалашара анашьҭра уадаҩхо иалагеит ԥхынҷкәын 23 инаркны. Уи зыхҟьаз астанциа маҷқәа рҿы аидара аҳаракыроуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа (СУЕС) аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.

"Астанциа маҷқәа Аҟәа-1, Аҟәа-2, Баслатәи рҿы аидара иахҟьаны ахьчага ацәара иаҟәыҵит. Уажәы аграфик алагалоуп. Уи инақәыршәаны аамҭа-аамҭала фидерк фидерк дырцәалоит, сааҭк, ҩ-сааҭк. Абас ала ақалақь аҿы ҭыԥ-ҭыԥла алашара дырцәалоит. Синоп ада", - иҳәеит Џьынџьал.

Асеиԥш ахьынӡаҟало ҳаздырам ҳәа иҳәеит иара. Раԥхьа иргыланы ацәаҳәақәа аидара раҵалара зыхҟьо амаининг ауп ҳәа азгәеиҭеит иара.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" Facebook аҿы адырра ҟанаҵеит ацәаҳәақәа реидара уаанӡагьы аҭыԥ шамаз, уажәы уи ишацлаз закәаншьаҭада аҽаԥшьрақәа.

Премьер-министр Республики Абхазия Александр Анкваб провёл встречу с генеральным директором РУП «Черноморэнерго» Михаилом Логуа - Sputnik Аҧсны
Логәуа: аенергетика апроблема аӡбразы ԥшь-миллиардк рҟынӡа аҭаххоит

"Закәаншьаҭада афымцатә ҳақәа зҽырԥызшьуа  раанкыларазы иҟаҳҵо аусурақәа шырацәоугьы, ҳаизхом. Избанзар ирацәаҩуп зҽаԥызшьуа", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Афымцарцәара ареспублика араионқәа зегьы аҵанакуоу иаҵанамкуоу макьаназ еилкаам.

Абҵарамза аахыс Аԥсны аенергетикатә кризис иҭагылоуп. Апроблемақәа мҽхакы ҭбаала рхы ркит астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны амцакра ԥхынҷкәын 5 рзы ианыҟалаз ашьҭахь. Убри иахҟьаны Аҟәа агәи мраҭашәаратәи ахәҭеи, иара убас Иашҭхәа ақыҭеи мышқәак фымцалашарада иаанхеит. Иҟалаз авариа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы АУН "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы адԥхьалан. Ԥхынҷкәын 11 инаркны Урыстәылантәи афымцалашара аарышьҭуа иалагеит. Мчыбжьык ашьҭахь, асабша, ԥхынҷкәын 12 рзы астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны аусура иаларган атрансформаторқәа зегьы. Мышқәак рышьҭахь апроблема ӡбан.

Абҵара 15 рзы атәылаҿы иалагалан аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәаразы аграфик. Амза анҵәамҭазы имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа иалдыршеит закәаншьаҭада афымцатә ҳақәа рҽаԥшьра азин аҟамҵара. Уи ф-сааҭк рҟынтәи ԥшь-сааҭк рҟынӡа алашара арцәара, аамҭақәак рышьҭахь ҩ-сааҭк рҟынӡа иларҟәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0