Маҷара ақыҭан ақәылара ҟазҵаз ацәгьоуцәа аҩнытә рбаандаҩрахьы инашьҭуп

© Sputnik / Томас тхайцукСудейский молоток
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Маҷара ақыҭан парк-отель "Лето" иақәлеит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ҩыџьа атәылауаа мызкы ҳәа иаанкылан, аха нас раанкылара аҿҳәара ркьаҿын 2020 шықәса ԥхынҷкәын 25 рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа мап ацәнакит Маҷара ақыҭан парк-отель "Лето" иақәлеит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ҩыџьа атәылауаа Алхас Ԥачлиеи Алхас Кәарҷиеи раанкылара аҿҳәара ацҵара. Дара аҩнтәы рбаандаҩра рықәҵоуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Уаанӡа Аԥсны ААР ашьаусҭҵааратә усбарҭа аусзуҩцәеи Гәылрыԥшь араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәеи иааныркылеит Алхас Ԥачлиеи Алхас Кәарҷиеи мызкы ҳәа, аха нас, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа раанкылара аҿҳәара аркьаҿит 2020 шықәса ԥхынҷкәын 25 рҟынӡа.

Маҷара, асасааирҭатә комплекс иақәлеит ҳәа Гәылрыԥшь араион ААР ахь адырра ҟарҵеит абҵара 29, асааҭ 19:30 рзы.

Архивное фото служебного автомобиля МВД Абхазии - Sputnik Аҧсны
Маҷара ақыҭан парк-отель иақәлеит ҳәа агәызҩара ззыҟоу аанкылоуп

Аҭыԥ ахь инеиз аоперативтә гәыԥ ишьақәдыргылеит фҩык ауаа: Хәырхәмал Г.З., Џьынџьал Б.К., Сангәлиа Б.Д., Геџьуа В.В., зхаҭара шьақәыргылам даҽа ҩыџьа асабрадақәа рҿаҵаны, бџьарла рҽеибыҭаны апарк-отель аҵакыра ишҭалаз. Аобиект аҟарулцәа амчра рхы иархәаны амаҵзуратә уадақәа руак иҩнаркит.

Абри ашьҭахь дара аномерқәа рцаԥхақәа адкыларҭа ауадаҟынтә иӷьычны егьырҭ ауадақәа рҟынтәи иргеит ателевизор, аиарҭаларшәқәа. Аҟарулцәа руаӡәк дахьынхоз аҟынтәи иӷьычын аԥара, аԥҳәысмаҭәа, автомашьынахәҭақәа.

Ацәгьоуцәа 10-15 шықәса рықәҵахар алшоит рмазара рымхны.

Ажәабжьқәа зегьы
0