Аԥсны аоперштаб иаанацҳауеит акоронавирус злаз хҩык рыԥсҭазаара ишалҵыз

© Sputnik / Томас ТхайцукСкорая медицинская помощь
Скорая медицинская помощь  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 8236-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 6508-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 105-ҩык.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 560-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 101-ы акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Ариабжьарак Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус аҟынтәи зҽызхәышәтәуаз хҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ԥхынҷкәын 24 рзы иԥсҭазаара далҵит 77 шықәса зхыҵуаз апациент, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы ԥхынҷкәын 23 рзы лыԥсҭазаара далҵит 1968 шықәсазы ииз апациентка, Гал ақалақь аҿы иԥсҭазаара далҵит 1924 шықәсазы ииз ахаҵа. Дара рыхҩыкгьы акоронавирустә инфекциа рзышьақәырӷәӷәан.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 111-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 100-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 39-ҩык, ибжьаратәуп - 20-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 22-а, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 18-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 47-ҩык.

Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 49-ҩык пациент. 44-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Ажәабжьқәа зегьы
0