Нигериа акоронавирус авариант ҿыц цәырҵзар ҳәа агәаанагара ыҟоуп

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Казани запустили проект по разработке вакцины от коронавируса
В Казани запустили проект по разработке вакцины от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа акоронавирус амутациа цәырҵит ҳәа адырра ҟанаҵахьан ИуАР Агәабзиарахьчара аминистрра. Агенетикцәа иара 501.V2 ахьӡырҵеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Африкатәи Аидгылаҿ иаԥҵоу ачымазарақәа рыпрофилактикеи рхылаԥшреи рзы Африкатәи ацентр адырра ҟанаҵеит Нигериа коронавирус авариант ҿыц цәырҵзар ҳәа агәаанагара шыҟоу азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Нигериа иаабо авирус авариант 501 мутациа амоуп. Ари Великобританиеи ИуАРи иаабахьоу аштаммқәа иреиԥшым. Ҳдыррақәа ҩба-хԥа генетикатә ҭҵаара роуп макьаназ ирымоу. Ҳаҭҵаарақәа рымҩаԥгара ҳарҭбаароуп" ҳәа иҳәеит Африкатәи Аидгылаҿ иаԥҵоу аӷымазарақәа рыпрофилактикеи рхылаԥшреи рзы Африкатәи ацентр иаиҳабы Џьон Нкенгасонг абрифинг аҿы. Абрифинг ддырбббон аиҿкаара Twitter оаҿтәи адаҟьаҿы.

Амаҵзура Ассошиеитед Пресс ишаанацҳауала коронавирус авариант ҿыц аарԥшын нанҳәа 3, жьҭаара 9 рзы апациентцәа рбиоматериал ала нигериатәи аштат Осун.

Макьаназы еилкаам ари авирусхкы Великобританиа иаарԥшу аиԥш иццакны ирылаҵәоу ирыламҵәоу.

Ученые за работой в лаборатории  - Sputnik Аҧсны
Британиа аҳәамҭа ҟанаҵеит акоронавирус ишәарҭоу амутациа шымҩаԥысуа

Уаанӡа аҳәамҭа ҟаҵан акоронавирус амутациа ҿыц аарԥшуп Британиа ҳәа. Уи 70 процент рыла еиҳа иҿкуп аԥхьанатә ицәырҵыз авариант аасҭа ҳәа апресс-конференциаҿ аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла аԥыза-министр Борис Џьонсон.

Британиатәи аҵарауаа акоронавирус авариант ҿыц шаадырԥшыз атәы уаанӡа ирылеиҳәеит Британиа агәабзиарахьчара аминистр. Уи ашьҭахь Англиа аҳақьым хада, апрофессор Крис Уитти ишьақәирӷәӷәеит акоронавирус амутациа ҿыц иццакны ишрылаҵәо, еиҳа ахыхьчара шаҭаху.

Иара убасгьы акоронавирус амутациа цәырҵит ҳәа адырра ҟанаҵахьан Аладатәи Африкатә республика (ИуАР) Агәабзиарахьчара аминистрра. Агенетикцәа иара 501.V2 ахьӡырҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0