Аԥсны ААР ақәыӡбоит Қырҭтәыла аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа раахәара ахьагәҭаку

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения по тушению природных и лесных пожаров в Приморье
Учения по тушению природных и лесных пожаров в Приморье - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2021 шықәса рзы Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистра аԥырҩы дызҭам аибашьыгеи аԥшыхәратәи хархәагақәа раахәара шазыԥхьагәанаҭо атәы рҳәеит арратә усбарҭаҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәыӡбоит Қырҭтәыла аԥырҩы дызҭам аибашьыга хархәагақәа раахәара ахьагәҭаку, арратә лшара ахьеизнарҳауа агәҭынчымра азцәырнагоит ҳәа аҳәоит аминистрра асаит аҿы.

"Қырҭтәыла ирццакны амилитаризациа апроцесс иахьаҿу ишәарҭоу ҟазшьоуп, аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашәарҭара иҭанаргылоит. Аԥснытәи аган асеиԥш иҟоу ақырҭуа напхгара апровокациатә шьаҿақәа агәҭынчымра рызцәырнагоит, уи арегион аҿы аибарххара ҿыц ахь ицәырнагоит ҳәа иазыԥхьаӡаны", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭа атекст.

2021 шықәса рзы Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистра аԥырҩы дызҭам аибашьыгеи аԥшыхәратәи хархәагақәа раахәара шазыԥхьагәанаҭо атәы иҳәеит арратә усбарҭа ахада Гарибашвили. Иара убасгьы иҳәеит Қырҭтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә система арҿыцразы Израили дареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩу.

МИД Абхазии. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла-НАТО аҽазыҟаҵарақәа ахҳәаа рырҭеит

"Аҽазныкгьы Қырҭтәыла анапхгара активла рҽазыршәоит арратә потенциал аизырҳара. Рхымҩаԥгашьагьы ҵаҵӷәыс иарҭоит арегион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи аҭаххара. Аха ари зыгәра угаша ҵаҵӷәым. Избанзар ахыхьчаразы мацара аԥырҩы дызҭам аибашьыгеи аԥшыхәратәи хархәагақәа раахәара уи ус шакәым агәра унаргоит", - ҳәа аҳәоит адокумент атекст.

Иара убасгьы иазгәаҭоуп "ааигәатәи Ашьха Ҟарабахтәи ахҭысқәа, зыҟны асеиԥш иҟоу ахархәагақәа азербаиџьантәи аган ажәыларатә операциа амҩаԥгаразы ишрыхәаз атәы. Қырҭтәыла заахәара агәы иҭоу ахархәагақәа ракәзаргьы, иӡбам аимакқәа амчра ахархәарала рҭыԥ рықәҵара иазырхахар алшоит" ҳәа.

Здание МИД России - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Қырҭтәылахь ааԥхьара ҟанаҵоит аичырчаратә усқәа ирҟәаҵырц

Аԥсны ААР ақырҭуа напхгара асеиԥштәи рхымҩаԥгашьа агәылацәа рганахьала ақәымчра амҩаԥгара иахықәкуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, ҭынчымҩала аимак аҭышәныртәалараз иҟаҵоу адекларативтә шьаҿақәагьы рыгәра унаргом.

Аминистрраҿы агәрагара рымоуп Қырҭтәыла амилитаризациатә курс активла адгылара шанаҭо аофициалтә Вашингтон.

Аԥсуа ган иагәҭакуп ЕАА ахаҭарнакцәа иҟоу аҭагылазаашьа, арратә потенциал аҿиараз ақырҭуа напхгара рыгәҭакқәа рзы аилкаара ҟанаҵарц адҵара.

Ажәабжьқәа зегьы
0