Амина Аншԥҳа жәларбжьаратәи аԥкьаҭасратә турнир аҟны аиааира лгеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Амина Аншба
Амина Аншба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ԥкьаҭмпыласҩы Амина Аншԥҳа Анталиа имҩаԥысуаз аԥқьаҭасразы ITF иатәу аиндаҭлараҿы актәи аҭыԥ аанылкылеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Ҩ-сааҭк ицоз афиналтә хәмарраҟны, 21 шықәса зхыҵуа аԥсуа ԥкьаҭмпыласҩы Амина Аншԥҳа 6:2 7:5 ҳәа дылиааит урыстәылатәи аспортсменка Иулиа Авдеева.

Аншԥҳа аҳәса рыбжьара адунеитә таблицаҿы (WTA) 343-тәи аҭыԥ нылкылоит.

Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Џьамал Гәыбаз илыдыиныҳәалеит лиааира, илзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.

Амина Аншԥҳа 2013 шықәса рзы 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара Европа дачемпионхеит, акыр жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны даиааихьеит Бельгиа, Германиа, Швеицариа, Узбекистан, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла уҳәа имҩаԥысуаз рҟны. 2016 шықәса рзы 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара Европа дачемпионхеит.

Иара убасгьы дрылахәын атурнирқәа "Большои Шлем": US Open (ЕАА), Roland Garros (Франциа), Wimbledon (Британиа Ду).

Иахьазы Амина Аншԥҳа дыхәмаруеит аҭыԥҳацәа еиҳабацәа ртурнирқәа рҟны. Жәларбжьаратәи ареитинг WTA инақәыршәаны, Аншԥҳа аҳәса рыбжьара адунеитә таблицаҿы (WTA) 343-тәи аҭыԥ нылкылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0