Аԥсны ААР мчыбжьык ала 2800 инареиҳаны маининг хархәага аҿырхит

© Sputnik / Томас ТхайцукКриптоферма была обесточена и опечатана
Криптоферма была обесточена и опечатана  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа акриптовалиута аиуразы амаининг аусура аанкылоуп 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Акриптовалиута аиуразы 2869 шьақәгыла аҿыхны амҳәыр раадырхеит ареидтә усмҩаԥгатәқәа раан ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч" акриптофермақәа зегьы аҿыхтәуп ҳәа ақәҵара аднакылеит

Гагреи Гагра араиони рҿы иаарԥшын аус зуаз акриптофермақәа, афымцацәаҳәа иаҿыхын 1580 шьақәгыла ҳәа арбоуп адырраҭараҿы.

Гәдоуҭа араион аҿы афымцацәаҳәақәа ирҿыхуп уаанӡа аус зуаз аобиектқәа ҩба. Лыхни Ааци ақыҭақәа рҿы араионтә ҟәша аусзуҩцәеи "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәеи закәаншьаҭада афымцацәаҳәақәа ирыԥшьыз акриптофермақәа рҿыхын.

Аҟәа араион аҿы имҩаԥысуаз ареидқәа раан ззеиԥш мчхара 650 шьақәгыла иҟаз аобиектқәа русура аанкылан. Уаанӡа амҳәыр зқәырҵахьо аобиектқәа аҽазныкгьы афымцацәаҳәа рҽаԥыршьызар, атрансформаторқәа ықәганы "Амшынеиқәафымцамч" аҵәахырҭахь инаргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0