Аԥсны Апарламент аӡбарҭақәа рсистема ацифратә модернизациахь аиасра аҿҳәара инахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСудейский молоток
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы азеиԥш аиурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭатә аппаратқәа рыӡбаҩцәеи русзуҩцәеи аӡбарҭатә информациатә система (АСИС) апрограмматә еиқәыршәара рҵара иахысит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аӡбарҭақәа рцифратә модернизациа аҿҳәара хәҭакала инахеит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 аҟынӡа.

Абасала АСИС асистема алагалара аҽа шықәсыбжак инахоуп. Адепутат Каха Пертаиа иажәақәа рыла, абри аганахь ала аӡбарҭатә реформа аԥаразоужьра иахҟьеит.

Молоток судьи - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аӡбаҩцәа асистема ацифратә модернизациахь аиасра рҽаздырхиоит

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делԥҳа илҳәеит ҭыԥқәак рҿы иаахәаны ԥхынҷкәын 11 рзы ишықәыргылаз ахархәагақәа, аҳәара ҟалҵеит асистема атестмҩаԥгара аҟазшьала урҭ русура азин ҟаҵазарц. Адепутатцәа уи мап ацәырымкит.

Апарламент адепутат Натали Смырԥҳа иазгәалҭеит, абиуџьет азы Аилак ахь ашәҟәы шаашьҭу Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аҟынтәи. Ашәҟәаҿы иҳәоуп 2021 шықәсазтәи рбиуџьет аҿы АСИС асистемазы иахәҭоу аԥара шазгәаҭам. Убри инадҳәаланы ақәҵара анагӡара шрылымшо.

"Ари еилкаам ҭагылазаашьоуп. Ганкахьала ҳара адҵа ҟаҳҵоит азакәан нагӡахарц азы, аҽаганкахьала уи азы аԥара азоуҳашьҭуам", - ҳәа лҳәеит лара.

АСИС – ари иаку технологиатә платформоуп, иахықәкы хаданы иҟоу аӡбаҩцәеи аӡбареиҿкаара алахәылацәеи релектронтә еимадара аиҿкаареи аӡбарҭатә система аҩаӡарақәа зегьы рыбжьара аелектронтә еимадара еиҿкаареи роуп.

2012 шықәсазы ихацыркыз аӡбарҭатә система ареформаан еиҳа ихадароу акәны аус адулара иалагеит аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭа-аинформациатә система. Аха иара алагалара акырынтә инахахьан. Рашәарамзазы Аԥсны Апарламент аӡбаратә информациатә система алагалара 2021 шықәса ажьҭаарамзанӡа инахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0