Аԥсны ахшараиурҭақәа рҿы Ашықәс ҿыц ауха шымҩаԥысыз

CC0 / / Новорожденный
Новорожденный  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса ҳанҭалоз Ашықәс ҿыц ауха Аԥсны ахшараиурҭақәеи ахшараиурҭатә ҟәшақәеи рҿы иит фҩык ахәыҷқәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 1 — Sputnik, Бадри Есиава. Ашықәс ҿыц ауха Аԥсны ӡӷабк диит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит атәыла амедусбарҭақәа рҟны ахәаша, ажьырныҳәа 1 азы.   

Асаби диит Гагратәи ахәышәтәырҭа ахшараиуратә ҟәшаҿы. Гагратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиаԥҳа ишылҳәаз ала, аӡӷаб д-Гыцԥҳауп, лыкапан х-кьылак иҟоуп, лоура - 54 сантиметра. Асабии лани ргәы бзиоуп.

Аҟәатәи ахшараиурҭа аҳақьым хада Белла Ԥлиаԥҳа ишылҳәаз ала, ажьырныҳәа 1 шьыжьынӡа дара рҿы аӡәгьы дмиӡацызт. Ҵыԥх абри амш азы иит хҩык ахәыҷқәа, урҭ рахьтә раԥхьа ииз Бганаа рҭаацәара аҳҭнықалақь ахада иҟынтәи шә-нызқь мааҭ иҟаз аԥаратә ҳамҭа роуит. Сынтәагьы абри аҩыза аҳамҭа шырзыршәо рҳәеит, аха макьана уи зауа деилкаам.

Беслан Эшба на заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ахада аматериалтә цхыраара зҭаху ирзыҟаиҵоит

"Иацы, ԥхынҷкәын 31 рзы ҳара ҳҿы хҩык иит - ҩыџьа аӡӷабцәеи ҷкәынаки. Ажьырныҳәа 1 ҳҭалеижьҭеи макьарна аӡәгьы дмиӡацт. Асабицәеи ранацәеи рыгәқәа бзиоуп", - ҳәа лгәалаҟара ыҟаны дцәажәеит Ԥлиаԥҳа, иагьацылҵеит иҳаҩсыз 2020 ашықәс азы Аҟәатәи азшараиурҭаҿы ишиз 1128-ҩык ахәыҷқәа.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа 2020 шықәса ааԥынразы аковид-госпиталь ҳәа иҟаҵан, убри аҟнытә уа ирыдыркыло акоронавирус зыдбалоу зцәазтәым аҳәса роуп ҳәа лҳәеит ахшараиурҭатә ҟәша аиҳабы Емма Ҭаркьылԥҳа. Уажәтәи Ашықәс ҿыц ауха рыҟәшаҿы иҭынчны имҩасит.

"Апандемиа ааҟалеижьҭеи ҳара ҳҿы COVID-19 злаз аҳәса ахшара дроуит. Апандемиа ҟалаанӡа 18-ҩык ҳаман, ашықәс иаалагазар, жәабран-хәажәкыра рзы", - лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.

Лара илгәалалыршәеит аибашьра ҟалаанӡа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ахшараиуратә ҟәшаҿы шықәсык ала 1300-ҩык ахшара шроуаз.

Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы ԥхынҷкәын 31 ажьырныҳәа 1 рзы аӡәгьы дмиӡеит, уажәы уа раамҭа иазыԥшуп ԥшьҩык зцәазтәым аҳәса, руаӡәк ахәбатәи ахшара дизыԥшуп лҳәеит аҟәша аиҳабы Елисо Кәарҷиаԥҳа. Галтәи ахәышәтәырҭаҿгьы Ашықәс ҿыц ауха "ҭынчран".

Очамчыратәи ахәышәтәырҭа ахшараиуратә ҟәшахьы уажәы зцәазтәым аҳәса рыдыркылаӡом, избанзар уажәы уа аковид-чмазаҩцәа роуп ирхәышәтәуа. Аҟәша аиҳабы Екатерина Џьопуаԥҳа излалҳәаз ала, мышкы уажәаԥхьа Очамчырантәи Аҟәаҟа дышьҭын зымза иҭагылоу ԥҳәыск.

Ажәабжьқәа зегьы
0