АҞӘА, ажьырныҳәа 1 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа диит раԥхьатәи ахәыҷы асааҭ 20:45 рзы ахәаша, ажьырныҳәа 1 азы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Аҟәатәи ахшараиурҭа акушер-гинеколог Лана Қьышьмариаԥҳа.
"Иахьа асааҭ 20:45 рзы диит ахаҵарԥыс - уи икапан ԥшь-кьылаки ԥшьышә грамми, иоура - 56 сантиметра иҟоуп. Ахәыҷы д-Ԥачалиоуп, иан д-Џьопуаԥҳауп", - ҳәа ажәабжь бзиа еиҭалҳәеит Қьышьмариаԥҳа.
Ари асаби Аԥсны 2021 шықәсазы ииз аҩбатәи хәыҷуп. Ажьырныҳәа 1 ауха Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы диит Гыцԥҳа хәыҷык. Гагра араион ахадара асаит ишаҳәо ала, лара лҭаацәа араион ахада 50 нызқь мааҭ рзишәоит.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба излаиӡбаз ала, ҳазҭалаз ашықәсан аҳҭнықалақь аҿы раԥхьа ииз ахәыҷы шә-нызқь мааҭ изыршәоит.
2020 шықәса ҳанҭалоз Ашықәс ҿыц ауха Аԥсны ахшараиурҭақәеи ахшараиурҭатә ҟәшақәеи рҿы иит фҩык ахәыҷқәа - ԥшьҩык аӡӷабцәеи ҩыџьа аҷкәынцәеи.
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. НАТО Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара мап ацәнакырц ишаанаԥхьац иаанаԥхьоит иҳәеит НАТО аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Иенс Столтенберг Бриуссель Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылԥылаанӡа имҩаԥигоз апресс-конференциаҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳара Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ррегионқәа разхаҵара мап ацәнакырц ишааҳаԥхьац иааҳаԥхьоит", - иҳәеит иара.
Столтенберг иара убас иациҵеит Урыстәыла "Қырҭтәыла аҵакыра акзаара ҳасаб азнауларц, жәларбжьаратә азин пату ақәнаҵаларц".
Уаанӡа адырра ҟарҵахьан Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ажьырныҳәа 22 рзы Бриуссель иҟоу НАТО аштаб-квартира дшаҭаауа, иара убас НАТО-Қырҭтәыла еицырзеиԥшу акомиссиа аилатәара дшалахәхо.
Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәыла рхьыԥшымра азханаҵеит нанҳәа 26 2008 шықәсазы. Урыстәыла аиҳабыра изныкымкәа ирҳәахьан арҭ аҩтәылак рхьыԥшымра азхаҵара аиҭахәаԥшра ргәы ишҭам, уи аӡбамҭа иахьатәи аамҭа ишақәшәо. Қарҭ акәзар, урҭ рхьыԥшымра азханаҵарц агәы иҭам.
Нанҳәа 8 ауха 2008 шықәса рзы ақырҭуа ар "Градқәа", атанкқәа, авиациа рыла ихысуа аахыҵ Уаԥстәыла иажәлеит, аҳҭнықалақь Цхинвал абжа еилаԥырыххааит. Урыстәыла ауаԥс жәлар аӡәреи-аԥсреи ирцәыхьчо, ақырҭуа ир ирҿагылеит. Хәымш ицоз аибашьра ашьҭахь Аахыҵ Уаԥстәыла ахы иақәиҭтәын.
Ауаҩы изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа иацы ҵаҵӷәык аҵам ҳәа иаԥхьаӡеит 2008 шықәса нанҳәамзазтәи ахҭысқәа рзы Қырҭтәыла Урыстәыла иаднаҵо ахара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Қырҭтәыла НАТО алианс ишалалаша атәы иалацәажәеит
НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада: алианс Амшынеиқәаҿ аҟазаара еизҳауеит
НАТО ааԥхьара ҟанаҵеит Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара иацәхьаҵырц
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра: НАТО Аахыҵ Кавказ аҭынчра иаԥырхагоуп
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 451-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 112-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
COVID-19 зцәа иалаз пациентк иԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны ажьырныҳәа 20 рзы. !953 шықәсазы ииз апациент ахәышәтәырҭа дҭашәеит ажьырныҳәа 9 рзы, иара иахәҭаз ахәышәтәра дшахысуазгьы, ажьырныҳәа 20 рзы иԥсҭазаара далҵит. Изышьақәыргылан адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц", зыҽзыруадаҩыз ачымазара хада - "ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра".
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 134-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 35-ҩык, ибжьаратәуп - 48-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 20-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 20-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 61-ы пациент.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11096-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8943-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 157-ҩык.