АҞӘА, ажьырныҳәа 3-Sputnik. Гагратәи аиқәырхаратә-аԥшааратә гәыԥ аусзуҩцәа Москва инхо аԥсшьаҩы Сергеи Краходкин дрыԥшааит, иара ақалақь ахь дааргеит. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Ажьырныҳәа 2 рзы Аԥсны АҶА аусзуҩцәа иара убас аԥшаарақәа мҩыԥыргон Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Ақыҭан анхаҩы Дараселиа дыӡит ҳәа адырра ҟарҵеит иҭынхацәа.
Аиқәырхаратә аоперациа иалахәын Очамчыреи Очамчыра араиони реиқәырхаратә-аԥшааратә гәыԥқәа, акинологцәа алақәа рыманы, иаадкыланы 20-ҩык аусуҩцәа.
Ахәылбыҽха адырра ҟарҵеит Тамшь анхаҩы Тҟәарчал дыԥшаан ҳәа.
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. COVID-19 зцәа иалаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны ажьырныҳәа 20 рзы ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Акоронавирустә инфекциа ззышьақәырӷәӷәаз 1938 шықәса рзы ииз ахаҵеи 1953 шықәсазы ииз аԥҳәыси рыԥсҭазаара иалҵит. Адиагноз хада - "акоронавирустә инфекциа ҿыц".
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 127-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 35-ҩык, ибжьаратәуп - 45-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 22-а, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 20-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 62-а апациентцәа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10984-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8898-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 156-ҩык.
"Гагра раион аҭагылазаашьа даара ицәгьоуп. Ари ахьҭақәа иҟаз ирацәаны авариақәа ҟалеит. Иахьа алашара ажәлар ироуртә иҟаҳҵеит. Аҟәа имҩаԥысит аилацәажәара. Урыстәылантәи шаҟа мегаватт ҳауа ҳара инаҳхуеи ҳаинаалом, аԥкрақәа ҳрылагоит. Раионцыԥхьаӡа ишашаны ирырҭеит, шаҟа-шаҟа иԥктәу. Аподстанциа аиҳабы сареи иахьҳарцәо, ишҳарцәо, ишыҟахҵо, уаха иҳаӡбароуп. Амаининг аус аанаҳамкылар, еиҭа ҳаицәахар ҳәа сшәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аиба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны иазымхар ҟалоит иззеиқәшаҳаҭханы урыстәылантәи иаауа афымцалашара
Гәдоуҭа ачазауад аиҳабы Лакоба алашаразы ауадаҩрақәа рзы: ҳариааироуп, уаҳа ԥсыхәа ыҟам