АҞӘА, ажьырныҳәа 4 – Sputnik. Жәеизаҩык акоронавирус зыдбалаз апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны, ԥхынҷкәын 30, 2020 шықәса инаркны ажьырныҳәа 3, 2021 шықәсанӡа, абри атәы аанацҳауеит ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ааҩык. 1938, 1944 шықәсқәа рзы ииз ҩыџьа ахацәа, хҩык аҳәса (53,66, 69 шықәса зхыҵуаз) рыԥсҭазаара иалҵит ԥхынҷкәын 30 инаркны 31-нӡа.
Ажьырныҳәа 1 азы иԥсҭазаара далҵит 79 шықәса зхыҵуаз ахаҵа, ажьырныҳәа 2 рзы рыԥсҭазаара иалҵит 1952 шықәса рзы ииз ахаҵеи, 1949 шықәса рзы ииз аԥҳәыси.
Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ԥхынҷкәын 30 инаркны 31-нӡа рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа. 1947, 1949 шықәсқәа рзы ииз ҩыџьа ахацәа, 1944 шықәса рзы ииз аԥҳәыси. Зегьы акоронавирус рзышьақәырӷәӷәан, "аполисегментартә гәыҵәкра" рыман.
Ԥхынҷкәын 30 инаркны 31-нӡа2020 шықәсазы COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 379-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 95-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Ажьырныҳәа 1 инаркны 3-нӡа COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 462-ҩык атестқәа рзыҟаҵан. Ажьырныҳәа 4 рзы еилкаахеит урҭ рахьтә 129-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 544-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 176-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 120-ҩык, урҭ рахьтә 105-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 26-ҩык, ибжьаратәуп - 35-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 20-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 24-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 60-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
"Ақыҭаҿы уажәазы 14-ҩык инарзынаԥшуа ачымазцәа ыҟоуп. Зегьы аҿкы рыхьны иҟоуп ҳәа ишьақәыргыланы иҟам, аха асимптоматикала иароуп уҳәар алшоит. Ахәшәқәагьы аиура цәгьахеит. Рыхәқәагьы еиҳахеит. Абри ачымазара ҟалеижьҭеи ахәшә 10 мааҭк иаԥсазҭгьы, 30 рҟынӡа инеит. Ажәлар рзы даара иуадаҩу аҭагылазаашьа шьақәгылеит. Ачымазаҩцәа рҟны мнеишьа сымаӡам, аҩны аҟара бжьазаргьы снеироуп, иага ихаразаргьы ус. Мышкы иалагӡаны 9-ҩык ауаа акапельница рзықәсыргылоит. Урҭ шьҭа мчыбжьык ҵуеит ирзыҟасҵоижьҭеи, дара алгар, нас еиҭа иззыҟаҵатәу ҟалоит. Река ақыҭа адагьы, Бедиа, Патрахәыҵа, уҳәа еиҭа ақыҭа ссақәа рҿгьы ачымазаҩцәа сымоуп. Ачымазара шысхызгахьоугьы, сҽацәысахьчоит, ҳәарада. Иаҭаху зегьы ҟасҵоит, сықәра злаҟоу ала еиҭа исыхьыргьы ауеит, еиҭа ачымазара ӷәӷәақәа схызгахьеит, абарҭ зегьы снарҿыԥшны зынӡа сзашьҭоузеи ҳәа схы сзыҟаҵом. Иара иааиуа зегьы ишахәҭоу иааиуеит. Ҳара ҳашшәо еиԥш даргьы шәоит", - ҳәа еиҭалҳәеит афельдшер.
Ламара Ҳашԥҳа-Қәычбериа илҳәеит ажьырныҳәамза мацара иалагӡаны 226-ҩык ауааԥсыра шлыдылкылахьо, урҭ рыбжаҩык атәым қыҭақәа рҟнытә иаауеит.
"Иҟоуп аҭагылазаашьақәа схала иаҭаху анрасҳәо, избанзар зегьы ақалақь аҟынӡа изцаӡом", - ҳәа азгәалҭеит афельдшер.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>