Гал араион аҿы амца арцәара рылшеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПожар в лесу
Пожар в лесу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион аҿы абнақәа амца ркит ажьырныҳәа 4 рзы. Галтәи амцарцәаҩцәа ирыцхрааразы инеит Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра ақалақьқәа рҟынтәи амцарцәаҩцәеи иҷыдоу атехникеи.

АҞӘА, ажьырныҳәа 5 – Sputnik. Ашьыжьы ажьырныҳәа 5 рзы Гал араион аҿы амца арцәара ҳалшеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аподполковник, Гал араион ахьчаразы АҶА аиҳабы Емир Езыхәбаиа.

"Амца иахьабалак иҳарцәеит ашьыжь асааҭ быжьба рзеиԥш. Макьана абылрақәа ахьыҟалаз аҭыԥ шаҟа амҩханакыз, иҟанаҵ аԥырхага уҳәа ртәы сыздырӡом. Иахьа Гал араион ахадараҿы акомиссиа аԥырҵараны иҟоуп, урҭ иҭырҵаауеит аҭагылазаашьа, уаҵәы-уаҵәашьҭахь зегь еилкааны иҳамазаауеит, ақыҭақәа рхадацәагьы ирҳәароуп абылрақәа ахьнеиз ахьыкәу", - иҳәеит Езыхәбаиа.

Иара иажәақәа рыла, амца ркын иблит аҩнқәа хԥа, аха аӡәгьы акгьы имыхьӡеит. Амцарцәара иаҿын Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Гал рымцарцәаратә гәыԥқәа ааба, зынӡа 50 раҟара амцарцәаҩцәа.

Гал араион аҿы абнарақәа амца ркит ажьырныҳәа 4 асааҭ 11 рзы. Амца рыцралеит иҩоу аҵиаақәа, арасаҭрақәа, аҭырасрақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0