Акоронавирус зцәа иалаз апациентцәа даҽа хәҩык рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны

© Sputnik Гудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 9465-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 7196-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 136-ҩык.

АҞӘА, ажьырныҳәа 6 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 572-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 142-а акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 79-ҩык, урҭ рахьтә 68-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-а, ибжьаратәуп - 17-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 16-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 22-а. Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 46-ҩык апациентцәа.

Аԥсны ахәышәтәырҭақәа рҿы арҭ ҩымшк рзы акоронавирус зцәа иалаз хәҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.

Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны - ԥшьҩык апациентцәа. Ажьырныҳәа 4 рзы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа.

1931 шықәсазы ииз, адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц", зыхәышәтәра хьанҭаз ачымазара хада "ҩ-ганктәи ихьанҭоу аполисегментартә гәыҵәкра" ззышьақәырӷәӷәаз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит.

88 шықәса зхыҵуаз, адиагноз хада "акоронавирустә инфекциа ҿыц" ззышьақәырӷәӷәаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит.

Москвичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аоперштаб: уахыки-ҽнаки рыла 141 коронавирус хҭыс ҿыци ҩ-ԥсҭбараки

Ажьырныҳәа 5 рзы даҽа ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы.

1934 шықәсазы ииз, адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц", зыхәышәтәра хьанҭаз ачымазара хада "ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра" ззышьақәырӷәӷәаз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит.

71 шықәса зхыҵуаз, адиагноз хада "акоронавирустә инфекциа ҿыц" ззышьақәырӷәӷәаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит.

Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҽы иԥсҭазаара далҵит 79 шықәса зхыҵуаз апациент. Иара изышьақәырӷәӷәан адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц", зыхәышәтәра хьанҭаз ачымазара хада "ҩ-ганктәи ихьанҭоу аполисегментартә гәыҵәкра".

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Ажәабжьқәа зегьы
0