АҞӘА, ажьырныҳәа 7-Sputnik. Аԥсны афымцатә ҳақәа ирықәу аидара шыҟац иаанхоит, авариақәа рцәырҵразы ашәарҭара ыҟоуп, абри атәы иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Аилацәажәара иалахәын Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь, АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа, аимадара аоператорцәа рнапхгаҩцәа.
Логәуа иазгәеиҭеит, акриптовалиута аиура иадҳәалоу аусурақәа рзы аинтернет аиураз аԥкрақәа ралагалара аамҭала аенергосистема ахьанҭара аҵхра иацхрааит, аныҳәамшқәа рзы афымцалашара аиуразы еиԥҟьара ҟамлеит ҳәа.
Пҳынҷкәын 28 инаркны иӡбан аинформациа-телекоммуникациатә ҳа "Интернет" абонентцәа акриптовалиута аиураз аусура рылзыршо адоментә хьыӡқәа реиқәыԥхьаӡа, асаитқәа рдаҟьақәеи аҳатә ҭыӡҭыԥқәеи рырбагақәа рхархәаразы аԥкрақәа алагалазарц.
Кристина Озган илҳәеит, уахыки-ҽнаки афымцатә ҳақәа ирықәыз аидара армаҷра шрылшаз, уи азы амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа мчыбжьык ареидқәа мҩаԥыргар акәын.
Аилатәараҿы иазгәаҭан, аҭыӡҭыԥқәа зегь аблокада рызуп, аха, акала авсшьа аԥшаара иашьҭалозар акәхап, ус акәзаргьы аамҭак асистема аԥсы ашьоит ҳәа.
Озганԥҳа аенергетикцәа рнапы ианылҵеит аҭҵаарақәеи ареидқәеи мҩаԥыргаларц, ацәаҳәақәа аидара хьанҭа иаҵазҵо ахархәаҩцәа аҿырхларц.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аимадараз аҳәынҭеилакы аинтернет аиураз аԥкрақәа аланагалоит амаинингқәа ирхырҟьаны
"Амшынеиқәафымцамч" акриптофермақәа зегьы аҿыхтәуп ҳәа ақәҵара аднакылеит
"Иҟоуп ауаа ачымазара ӷәӷәаны излаҽны измоу. Ус еиԥш аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ианаанага, ҳара ахаан аҩныҟа иҳашьҭӡом. Ишакәзаалакгьы, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аума, амобилтә госпиталь аума, аҭыԥ ԥшааны иҳашьҭуеит. Зыԥсыԥ ззымго, зшоура дуу, згәабзиара ашәарҭара иҭагылоу - урҭ ҳара ишьҭаҳҵоит, хымԥада. Егьыс инеиуа зегьы ирыҿцәажәаны, иаҭаху раҳәаны, иара уа аҭыԥ аҿгьы акапельница ҟаҵаны иауҳашьҭуа ишьақәыргыланы иҟоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Воуԥҳа.
Лара лажәақәа рыла аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы аиарҭа аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара ацҵаразы аусурақәа цоит.
"Ауадаҩра ахьыҟоу ареанимациатә ҟәшаҿы ауп. Иахьазы уа иҟоуп ԥшь-ҭыԥк. Иқәгылоуп ԥшь-ИВЛк. Зчымазара ӷәӷәоу аҭыԥқәа 10 рҟынӡа иаҵаҳҵарц ҳгәы иҭоуп. Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә иҳауран иҟоуп еиҭа ИВЛ-қәа", - ҳәа лҳәеит Воуԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Река ақыҭа афельдшер: ажәлар рзы даара иуадаҩу аҭагылазаашьа шьақәгылеит
COVID-19 аҿагыларатә усмҩаԥгатәқәа 400 миллион мааҭ рҟынӡа ақәнарӡит Аԥсны
Амҷыԥҳа Аҟәа амобилтә бригада аусуразы: макьана иасуа зегьы ҳрыхьӡоит
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. Аусура зылшо Аԥсны атәылауаҩ ажьырныҳәа 1, 2021 шықәсазтәи аҭагылазаашьала ихныҟәгаратә минимум иартәеит 7398,6 мааҭ ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа.
Ахныҟәгаратә минимум рахь иаҵанакуеит 5060,7 мааҭ рыхә афатә-ажәтә, акрыфара иадҳәалам атауарқәа 1450,1 мааҭ рыхә, ашәахтәқәеи ихымԥадатәиу ашәарақәеи – 887,8 мааҭ рыхә.
Иазгәаҭоуп ииасыз ашықәс азы ишьақәыргылаз ахныҟәгаратә минимум иаҿырԥшны, сынтәатәи 4,6 процент рыла ишеиҳахаз.
Аҳәынҭстатистика иара убас ицәырнагеит хаз игоу афатә-ажәтә хкқәа 2019-2020 шықәсқәа рзы иҟаз рыхәԥса ахьарбоу атаблица.