Аԥсны иҟоу Урыстәыла аконсултә ҟәша акарантин ахь иаркхоит

© Sputnik / Акоп Кущян Посольство РФ
Посольство РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша аныҳәақәа раан ауааԥсыра рыдкылара ааннакылоит ҳәа адырра ҟанаҵахьан, ԥхынҷкәын 28 инаркны ажьырныҳәа 10-нӡа. Уи аԥхьа Аконсултә ҟәша аҭааҩцәа рыдыркылон иҷыдоу аграфик ала.

АҞӘА, ажьырныҳәа 8-Sputnik. Ажьырныҳәа 11, 2021 шықәса инаркны Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша аамҭала аҭааҩцәа рыдкылара ԥнакуеит, иалагалоу акарантин иахҟьаны. Абри атәы аҳәоит аусбарҭа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Аусура анхацыркхо азы аинформациа рылаҳәахоит.

Апандемиа аамҭазы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша аҭааҩцәа рыдкылара акырынтә иԥнакхьан. Фҩы-фҩыла аамҭакала ирыдыркылалон, зегьы асабрадақәа рҿазар акәын. ОРВИ аҟазшьақәа зыдбало рыдыркыломызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0