Аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220" аремонт хыркәшоуп, Аԥсны афымцалашара еиҭашьақәыргылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛинии Электропроводов
Линии Электропроводов  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220" аҟны амашәыр ҟалеит Гагра араион анеира ахьыуадаҩу ашьхарақәа рҟны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220" аҟны аремонттә усурақәа хыркәшоуп, Аԥсны афымцалашара еиҭашьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220" аҟны авариа ҟалеит асабша, ажьырныҳәа 9 рзы ашьыжь, Гагра араион аҿы аҭыԥ змоу абнабылрақәа ирыхҟьаны. Убри инамаданы Аҟәа инаркны Ԥсоунӡа фымцалашарада иаанхеит.

© Foto / РУП "Черноморэнерго"Авариа ахьыҟалаз аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220"
Авариа ахьыҟалаз аҳауатә цәаҳәа Ԥсоу 220 - Sputnik Аҧсны
1/2
Авариа ахьыҟалаз аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220"
© Foto / РУП "Черноморэнерго"Авариа ахьыҟалаз аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220"
Авариа ахьыҟалаз аҳауатә цәаҳәа Ԥсоу 220 - Sputnik Аҧсны
2/2
Авариа ахьыҟалаз аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220"
1/2
Авариа ахьыҟалаз аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220"
2/2
Авариа ахьыҟалаз аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220"

Афымцацәаҳәа ахьыԥхасҭахаз ашьхараҿоуп, уи аҭыԥ аҟынӡа атехника ахьзымнеиуаз иахҟьаны афымцаусзуҩцәа шьапыла ихалар акәхеит. Дара авариа ахҟьа-ԥҟьақәа аԥырхит, уи иабзоураны афымцацәаҳәа афымцамч амҩангаразы еиқәыршәахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0