Аҳауагәаҭаҩ еиҭалҳәеит Аԥсны ақәоура ианалаго

© SputnikШторм на море
Шторм на море - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳауагәаҭаҩцәа ишырҳәо ала, Аԥсны иахьаҵанакуа ахьҭақәа ҟалоит ажьырныҳәа 18 инаркны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ақәоурақәа ирылагоит ажьырныҳәа 10 шьыбжьон инаркны ҳәа лҳәеит Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аҳәынҭкомитет иатәу аҳауагәаҭаратә ҟәша аспециалист хада Лариса Ахԥҳа.

"Ҳара ҳахь амҩа иқәуп аладатәи аҳауатә фронт, ажьырныҳәа аҩбатәи ажәамш рзы аҳауа ҭышәынтәалахом. Иаразнак ирацәаны ақәоура иалагаӡом, аха ажьырныҳәа 10 шьыбжьоншьҭахь Аԥсны алышәшәақәа ҟалоит, ҭыԥқәак рҿы еиҳа иӷәӷәаны. Ажьырныҳәа 11-15 рзы иара убас ақәа аулоит", - ҳәа азгәалҭоит Ахԥҳа.

Аҳауагәаҭаҩ излазԥхьагәалҭо ала, Аԥсны хара имгакәа иӡынрахаҵәҟьоит. Аҳауаԥхарра алаҟәхара иалагоит ажьырныҳәа 15 рышьҭахь аладатәи афронти аҩада-мраҭашәаратәи афронти ахьеилало иахҟьаны, ашьхараҿи ашьхара иахьаԥнуи ақәабаа-сабааи аси леир ҟалоит. Амшын аҿықәаҿ ақәабаа-сабаа леир ҟалоит. Ахԥҳа иара убас иазгәалҭоит аԥшаҳәахьы асгьы леир шауа.

Ажьырныҳәа 18 инаркны амш еилгоит, аха аҳауаԥхарра лаҟәуеит. Ҽынла +3°С - +8°С, уахынла - ҭыԥқәак рҟны -2°С - +3°С.

Ажәабжьқәа зегьы
0