Аԥсны аԥыза-министр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо даҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Делба
Владимир Делба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
COVID-19 зыдбало Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иҽыхәышәтәра москватәи ахәышәтәырҭақәа руак аҿы иациҵоит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр аамҭала инапынҵақәа наигӡалоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаҩит Атәыла ахада Аслан Бжьаниа.

Мшаԥымза 28, 2020 шықәса инаркны Владимир Делба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс, афинансқәа рминистрс дыҟоуп.

Владимир Делба жьҭаара 2011 шықәса инаркны мшаԥы 8, 2015 шықәсанӡа Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистрс дыҟан. Лаҵара 2, 2014 шықәса инаркны цәыббра 29, 2014 шықәсанӡа Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа наигӡон.

Александр Анкваб  - Sputnik Аҧсны
Анқәаб иҽыхәышәтәра москватәи ахәышәтәырҭақәа руак аҿы иациҵоит

Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 ицәа иалоуп ҳәа адырра ҟалеит ԥхынҷкәын 30 рзы, ажьырныҳәа 4 рзы иара Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа дҭашәеит. Аԥыза-министр иҭагылазаашьа ҭышәынтәалан, аицәахара иаҿӡамызт, аха ахәышәтәырҭаҿы ихәышәтәра иацҵатәын.

Ажьырныҳәа 7 рзы Анқәаб ихәышәтәразы Урыстәылаҟа ишьҭра ахәҭоуп ҳәа рыӡбеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҳақьымцәа рконсилиум ашьҭахь, ичымазара аҽарӷәӷәар аҽацәыхьчаразы. Ажьырныҳәа 8 раахыс аԥыза-министр иҽыхәытәра москватәи ахәышәтәырҭақәа руак аҿы иациҵоит.

Уаанӡа, ԥхынҷкәын 27 рзы Аслан Бжьаниа аҿкычымазара акоронавирус шидбалаз еилкаахеит. Аҳәынҭқарра ахада иҟны иҟоу аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа Sputnik ишаиҳәаз ала, Атәыла ахада игәабзиара ҭышәынтәалоуп, иахәҭоу ахәышәтәра иоуеит, инапынҵақәа адистанциала инаигӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0