Акарантин иахҟьаны Аҟәатәи аџьармыкьа хада аусура аграфик ҿыц шьақәыргылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский рынок перед закрытием на карантин
Сухумский рынок перед закрытием на карантин  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада COVID-19 иахырҟьаны аԥкрақәа рзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Аԥкрақәа ирыҵаркуеит ацәамаҭәеи афатәи рџьармыкьақәагьы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13– Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Аҟәатәи аџьармыкьа хадеи ацәамаҭәатә џьармыкьа "Ахәаахәҭратә комплекс "Сухумприбори" русура аграфик ҿыц шьақәиргылеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Аҟәатәи аџьармыкьа хада аус аулоит мчыбжьык ахь ҩынтә: аԥшьашеи асабшеи. Ацәамаҭәатә џьармыкьа аус аулоит аҩашеи амҽышеи.

Аҟәа ахадара амҩатә ныҟәара анапхгареи аиҿкаареи рзы адепартамент анапы ианҵоуп аусура арӷәӷәарц иалагалоу аԥҟарақәа ауаажәларратә транспорт аҿы ишрықәныҟәо хылаԥшра аҭаразы.

Асанитар-епидемиологиатә станциақәа есыҽны ауаажәларратә транспорти аџьармыкьақәеи дырзҩыдалароуп.

Ситуация с коронавирусом в городах России - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аԥкра ҿыцқәа алагалоуп жәабран 10-нӡа

Аҟәа ақалақь ахадареи аструктуратә еиҿкаарақәеи  ирабжьгоуп руалафахәы рызныжьны 60 шықәса ирҭысхьоу, ашколқәраҟынӡатәии алагарҭатә школқәреи (1-4 аклассқәа) ирыҵаркуа ахәыҷқәа змоу русзуҩцәа рхы иақәиҭыртәырц 2021 шықәса жәабран 10-нӡа, руалафахәы рызныжьны.

Аусура иаанхо ирыдҵоуп асабрадатә режим иқәныҟәаларц. Аусԥҟа амчра аиуеит анапы анаҵаҩха инаркны.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит 2021 шықәса жәабранмза 10 рҟынӡа ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа ирыцҵазарц Адҵа. Уи инақәыршәаны ашколқәраҟынӡатәии азеиԥшҵаратәи еиҿкаарақәа, акультура аусҳәарҭақәа, афитнес центрқәа, атренажиортә залқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа русура аанкылоуп. Иаанкылоуп ачарақәа, аныҳәақәа уҳәа егьырҭ амассатә уснагӡатәқәа абанкеттә залқәеи егьырҭ ауаажәларратә крыфарачара аобиектқәеи рҿы рымҩаԥгара. Азеиԥш крыфарачара аобиектқәа идәылгоу амаҵзурақәа заҵәык аусура азин рымоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0