Аԥсны АҶА: амца зыцраз абнақәа рзеиԥш ҵакыра х-нызқь гектар иреиҳан

© Sputnik / Авидзба Бадрак ПК МЧС о пожарах
ПК МЧС о пожарах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәынмза аҽеиҩшамҭа инаркны ажьырныҳәа 10 рҟынӡа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы амцакрақәа ыҟан.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иахьаҵанакуа амца зыцраз абнақәа рзеиԥш ҵакыра х-нызқь гектар иреиҳан ҳәа иҳәеит ажьырныҳәа 13 рзтәи ипресс-конференциаҿы Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

Лесной пожар - Sputnik Аҧсны
Илеиз ақәа Аԥсны абнарақәа амца ахьыркыз зегьы арцәеит

Иара иажәақәа рыла, ԥхынҷкәын 7 инаркны ажьырныҳәа 10 рҟынӡа амцарцәаҩцәа 68-нтә амца арцәараз ишнеиз.

АҶА адыррақәа рыла Гал араион аҿы ҩ-ҩнык блит. Аԥша ӷәӷәаны иахьасуаз азы амца ҩадала ицон. Ус шакәызгьы, амцарцәаҩцәа ирылшоз зегьы ҟарҵеит ҳәа иҳәоит аминистр.

Гагра араион аҿы амцашьаҭақәа рызнеира шыуадаҩызгьы амчрақәа еидкыланы амцарцәара алыршахеит.

Илеиз ақәа акәымзар, аҭагылазаашьа аиааира уадаҩхон ҳәа иҳәеит Кәыҵниа.

"Ҳусуцәа ирылшонз акы агырмыжьит. Итәаны ақәа анбалдеиуеи ҳәа иԥшымызт. Уахи-ҽни неиԥшьны имыцәозгьы ыҟан", - ҳәа азгәеиҭеит Лев Кәыҵниа.

Иара игәаанагарала, амцакрақәа мзызс ирзыҟоу ауаҩытәыҩсатә фактор ауп.

Кәыҵниа иҳәом џьоукы ацәгьа ргәы иҭакны амца ацрарҵоит ҳәа, аха убри аан уи аҩызагьы аҭыԥ ахьамоу ыҟазар ҟалоит ҳәа ишьоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0