Аҭоурых аҿахәҳәаҩы: Адиле Аббас-оӷлы лгәалашәаразы

© Foto / предоставлено Эсмой АпсныАдиле Аббас оглы
Адиле Аббас оглы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 14, 2020 шықәсазы лыԥсҭазаара далҵит ашәҟәыҩҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Адиле Аббас-оӷлы.

Адиле Аббас-оӷлы - Нестор Лакоба иҭаацәараҟынтәи арепрессиақәа рышьҭахь зыԥсы ҭаны иаанхаз аҵыхәтәантәи иҭынха лакәын.

Sputnik

Адиле 15 шықәса лхыҵуан, Емды Џьых-оӷлы (Сариа Лакоба лашьа) бзиа даниба. Дук мырҵыкәа еибагеит. Адиле лаб Шьахбас даараӡа игәнигон иԥҳа дышқәыԥшӡаз хаҵа дахьцаз, аха аҵыхәтәан аҭаацәа ҿыц дрықәныҳәеит.

© Foto / из книги Адиле Аббас-оглы "Не могу забыть"Яхья Керболай Аббас.
Аҭоурых аҿахәҳәаҩы: Адиле Аббас-оӷлы лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Яхья Керболай Аббас.

Убас, Адиле Нестор Лакоба иҭаацәара далалеит. Ҿыц еибагаз рынасыԥ аамҭа кьаҿ азоужьын – шықәсыки бжаки рышьҭахь Лакоба иҭаацәарахь иаҵанакуаз зегьы рҭакра иалагеит, Емдгьы уи аҩыза алахьынҵа изыԥшын.

© Foto / из книги Адиле Аббас-оглы "Не могу забыть"Крайняя слева - Сария Лакоба, крайняя справа - ее сестра Назия. Вторая справа - Адиле.
Аҭоурых аҿахәҳәаҩы: Адиле Аббас-оӷлы лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Крайняя слева - Сария Лакоба, крайняя справа - ее сестра Назия. Вторая справа - Адиле.

1938 шықәса рзы Адиле Аббас-оӷлы, Лакоба дахьиҭынхаз азы "жәлар драӷоуп" ҳәа ахара лыдҵаны, арепрессиа лызун. 1953 шықәса рзы дахьҭакыз аҭыԥ аҟынтә лхы дақәиҭтәын, 16 шықәса рышьҭахь дхынҳәит Аҟәаҟа. 1956 шықәса рзы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу аӡбарҭа лхара лыхнахит.

"Лара илхылгаз аҩыза ахлымӡаах зхызгаз рацәаҩуп 1930-тәи ашықәсқәа рзы арепрессиақәа раан, аха  урҭ рахьынтә иааԥшит ауаа ҷыдақәа, аџьамыӷәа ду зыхганы иуаҩны иаанхаз. Сара еиҳараӡак исгәалашәоит илылаз адоуҳатә мчы. Уахьлыхәаԥшуаз шәагаала дыхәҷызшәа убон, аха агәамч ду лылан. Уанлацәажәоз аԥхарра ду, аенергиа уныруан. Илхылгаз зегьы дыриааины, ауаа рахь абзиабара ду аалырԥшуан... Ас еиԥш зылшо адунеи аҟны даара имаҷуп, иага лхылгазаргьы, дуаҩы лашан, ус лыхьӡ аанлыжьит", - иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Гурам Гәымба.

2005 шықәса рзы Адиле Аббас-оӷлы иҭлыжьит аԥсуа жәлар рҭоурых хлымӡаах атәы зҳәоз ашәҟәы "Не могу забыть", 2009 шықәсазы даҽа шәҟәыкгьы ҭлыжьит - "Моя Абхазия - моя судьба". Лышәҟәқәа рҿы дрыхцәажәоит XX ашәышықәсазы Аҟәа иҟаз аҭагылазаашьеи, асоветтә ҳәынҭқарратә аусзуҩы Нестор Лакоба иҭаацәареи, имҩаԥигоз аусқәеи ирызкыз ахҭысқәеи, уи иҩнаҭа иаҭаауаз аполитикатә усзуҩцәеи.

© Foto / из книги Адиле Аббас-оглы "Не могу забыть"Адиле Аббас-оглы 16 лет. 1936 год
Аҭоурых аҿахәҳәаҩы: Адиле Аббас-оӷлы лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Адиле Аббас-оглы 16 лет. 1936 год

Иара убасгьы, лышәҟәаҟны автор инарҭбааны еиҭалҳәоит усҟантәи аамҭазы аҭыԥ змаз аполитикатә репрессиақәа ирыхҟьаны Нестор иҭаацәареи лара лхаҭеи ирхыргаз арыцҳарақәеи агәаҟрақәа ртәы.

© Foto / Ибрагим ЧкадуаАдиле Аббас-оглы
Аҭоурых аҿахәҳәаҩы: Адиле Аббас-оӷлы лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Адиле Аббас-оглы

Шықәсык уажәаԥхьа шәышықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Адиле Аббас-оӷлы. Лара Аԥсны аҭоурых аҿы иухамшҭуа лҭыԥ аанлыжьит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0