Ауадаҩрақәа ирӡрыжәыз апоет: Енвер Ажьиба 63 шықәса ихыҵра иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукЕнвер Ажиба
Енвер Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа поет, агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада Енвер Ажьиба 63 шықәса ихыҵит. Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵо, апоет Анатоли Лагәлаа иҳадигалоит арҿиаҩы изку анҵамҭа.

Иареи сареи ҳаибадырит зынӡа ҳшыҷкәынцәаз, сара аинститут актәи акурс аҿы стәан, уи усҟан ҳәынҭқарратә университетмхацызт. Аҟәа еиҿыркааит иҩуа аҿар Аԥснызегьтәи рсеминар. Уи аамҭазы, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩыс дыҟан Иван Константин-иԥа Ҭарба. Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ҿыц аҩра иалагаз рсекциа деиҳабын ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба. Абраҟа ҳаиқәшәеит Енвер Ажьибеи сареи. Усҟан сара Аҟәа "аԥшәымара" зуеит ҳәа сҽазыскхьан, Енвери сареи ҳанеибадыр, "сара Мгәыӡырхәантәи сааит" аниҳәа, "уаха ҳара ҳуадахь уаалароуп, ара азеиԥшынхарҭаҿ астудентцәа ҳаицыҩноуп, ҳазхарагьы ҳаицәажәап" сҳәеит!

Ауаажәларра-политикатә ажурнал Алашара аредактор хада Анатоли Лагәлаа. - Sputnik Аҧсны
Уи аҿыцәааха аҳамҭароуп: Анатоли Лагәлаа аԥсуаа ҳдоуҳатә культура аӡыргаразы

Аха иара ауха ара Аҟәа иуацәақәак рҿы днеирц адырра риҭахьазаарын, дсызнымкылакәа "дсымпыҵҵәраан" дцеит.

Убри нахыс, аҿар ҳахьеиқәшәоз алитературатә хәылԥазқәа зегьы рҿы ҳаибабон, ирласынгьы ҳаишьцылеит, уимоу, сара азеиԥшынхарҭа саныҩныҵ, иареи сареи қьырала уадак ҳаицыҩнан.

Уи ашьҭахь, аҭаацәарақәа ҳанрылала, жә-еихагылак змаз ҩнык аҿы ауадақәа еицҳауит, ҭаацәала даара еизааигәаз ҳакәхеит, ҳхәыҷқәа еицрызҳаит.

Енвер аԥсҭазаараҿы ихигаз ауадаҩрақәеи, агәырҩақәеи, агәырӷьеи зегьы ҿаҿаӡа иубоит иҩымҭақәа рҿы - ипоезиаҿгьы, ипрозаҿгьы. Иара ихигаз зегьы "ицырхыргеит" ишәҟәқәа. Иитәым ахьаа хәыцны аҩымҭа алихӡом, иара дзымблыз, иара ихьымкьысыз, иара дызмыргәырӷьаз алитературатә ԥсҭазаара аиҭаӡом. Убри азоуп апоет иҩымҭақәа зегьы рыгәра зуго, урыԥхьаны уанаалгалак, ԥсыуа хаҵа бзиак сасра уиҭаны, иҩны ааныжьны адәықәлара рацәак ишуҭахым еиԥш узыҟало…

Хынҩажәи хԥа шықәса қәра дуӡам арҿиара иаҿу изы, ацәаӷәаҩ бзиа иеиԥш, шьыбжьаанӡа иҩеиго амаҭа ауп!.. Сара агәра згоит, аԥсҭазаара акырџьара икыднаҟьахьо сҩыза бзиа, аурыс шәҟәыҩҩык ииашан ишиҳәаз еиԥш "человек, как кирпич, обжигаясь, твердеет!" ишьхамҩа акырӡа ишыхароу, инаршәгьы шыхиоу..

Ажурнал Алашара - Sputnik Аҧсны
"Ҳлитература аԥсы ахьҭоу": ажурнал "Алашара" 65 шықәса ахыҵит

Енвер Ажьиба "Аԥсны" захьӡу иажәеинраалак аҿы иҳәоит:

Аҭахара анакәха, убзиабара сақәӡааит,

Дышԥаҟалои, иан дицәыӡыр аӡҟы.

Аԥсны, ухаҵкы ицаша сара сакәхааит,

Ухьаақәа згартә еиԥш, исымаз разҟы…

Сухӡыӡаауеит, сузгәаҟуеит, сузӡатәуеит,

Уԥа соуп, исыблаҷыцу Аԥсны!

Сбаагәарахарц еиҭа сымчқәа еиҳастәуеит,

Сыҽукәырша усыхьчаларц сухьӡаны…

Енвер ипоезиаҿы иуԥшаауеит аԥсуа нхаҩы ихьаа, игәырҩа, уи уаҵәтәи иԥеиԥш азы есымшатәи игәеибафарақәа, иқәԥарақәа… Уи иԥсадгьыл аҿы даԥшәымоуп, ишьапқәа баӷьаӡа игылоуп, уаԥсыуам, ма ари адгьыл уара иутәым ҳәа иазҳәаз, ахааназ диаӷоуп, иагьианаижьуам… Насгьы, данхәыҷыз аахыс иашала дааӡоуп иара, зынзаҵәыкгьы уи амҩа даныҵыр иҭахӡам. Абар уи иажәеинраала "Аиаша" аҿы ишиҳәо:

Аҟама уҿакызаргь, уацәымшәан,

Уацәымшәан ахҭҟьара иҭҟьо.

Илухыз амҩа уанымшәан,

Дхаҵоума зымҩа иахҟьо.

Аиашоуп, ҽак ыҟаӡам уаҳа,

Иҳәа, уазықәԥа, умтәан.

Дхаҵам иԥсыз згәы нҭаҳан,

Ма иаахәоу саанк азы атәан…

Идыруп, аиаша гәыԥжәагоуп,

Иныҟәызго маҷын иацгьы.

Аиашамҩа анылара "хжьагоуп"

Аха уи ада иҟалома уаҵәгьы…

Енвер ихәыҷра зегьы иқыҭа ԥшӡа Мгәыӡырхәа иадҳәалан азы, уи аԥсабара ԥшӡеи, аԥсаатә рыбжьы хааи, аҳауа ссири, аӡыхьқәа рышьҭыбжь ҟаимаҭи есымша ипоезиа иагәылҷҷаауеит…

Белла Барцыц  - Sputnik Аҧсны
Зҭоурых иамырҭынчуа апоет: Белла Барцыцԥҳа лыҿцәажәара

Уи ақалақь ахь нхара ҳәа данаагьы, зегь акоуп акыраамҭа ицрыҵуамызт ихәыҷра иацыз аԥштәы ссирқәеи абжьы хазынақәеи!.. Иара ихы нықәиҵаргьы, иԥхыӡ иалоу, иахьеи уахеи дызмырҭынчуа, ихәыҷра иаацрымшәо иацу иқыҭа ԥшӡа ауп!.. Уи даара ибзиан ианыԥшуеит иажәеинраала "Аҷынҷа", абраҟа иааҳгоит ахәҭак:

Уҷырҷыруа, ашәоума иуҳәо аҷынҷа,

Уа убжьы ҵар рылҟьоит иахьа аԥсаа.

Иуҭахызар дхухырц апоет игәы ҳәынҷа,

Ма ирҿыхара уҭахызар, ацәара анизаа.

Дааԥсоуп апоет. Иухәҭоуп игәоуҭар,

Ихы нықәиҵар, ԥшахаак дарцәап дҭахәхәа.

Иахантәарак дмаалықьха музак иҽаиҭан,

Ашара даԥылеит ихьыҳаԥшьа хырхәхәа…

Енвер ҳажәлар р-Џьынџьтәылатә еибашьра далагылан, уи ибеит ҳмилаҭ рфырхаҵара, ҳаӷеи дареи рымчқәа шеиҟарамызгьы, ар маҷ хьӡы ргеит ҳәа, рышьҭахьҟа ихьамҵит, аԥсыуак иԥсы ҭанаҵы ҳаԥсадгьыл раҳҭом ҳәа зегьы хаха аӷа иҿагылеит, уи ишьапы зықәгылаз адгьыл амца адыркит, ршьала иркәабеит, аха зегь акоуп ҿаҵакгьы ирымҭеит, уимоу, ахаан ихамышҭша ацәыӡ дуқәа иманы, дҳәазаны мацара ишьҭахьҟа дхынҳәит!..

Вячеслав Читанава - Sputnik Аҧсны
Есымша исыцу сҩыза: апоет Виачеслав Ҷыҭанаа игәаларшәара

Уи нахыс агәра игеит - аԥсуа иԥсадгьыл иламыс еиԥш ишихьчо, иламысгьы, иаԥсуарагьы, иԥсадгьылгьы уанрыӷрагыла, ишуанаимыжьуа, иаҭаххаргьы, ихы ақәиҵозаргьы, уара иԥсадгьыл аҿы уаԥшәыманы ушыҟаимҵо, ахҭыԥ ушаирго!.. Уи бзиан ианыԥшуеит Енвер иажәеинраала "Афырхаҵа." Абраҟа иааҳгоит ажәеинраала алагамҭа:

Ишьа илҵуаз дарыԥхон,

Афырхаҵа дыхәны дахьышьҭаз…

Адгьыл агәеисра гарашәан дгаран,

Аиааира мшы зхыԥшылоз,

Аибашьцәа рышьҭа,

Аҽеизнаркәкәон,

Ахаҵа ихәрақәа ирырӷьаган,

Ишьа илҵуаз дарыԥхон,

Ишьабоз афырхаҵа…

Иахьа иҭәымҭа дҭагылоуп апоет-ажурналист Енвер Ажьиба! 63 шықәса рыла уи аԥсҭазаара дыԥнашәеит, дарыӷәӷәеит, иаԥхьаҩцәеи иареи бзиан еибадырит, наҟ-ааҟ ацҳа бзиа рызхуп!

Уи ипоезиеи ипрозеи инарываргылан, агазеҭ "Аԥсны" редактор хадас дамоуп, ирацәоуп иџьабаа. Аха убарҭ зегьы дыриааиуеит апоет, избанзар, иаԥхьаҟа иԥшуп иара дзыхьӡаша, иара ииҳәаша, иара ииҩша арҿиамҭақәа рацәаны!.. Сара агәра згоит урҭ зегьы дышрыхьӡо, ирҿиара анарха бзиа шаиуа, гәыкала ишизыԥшу иара ибаҩхатәра агәра ганы иашҭа ԥшӡа иҭалаз иаԥхьаҩцәа!..

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0