Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аррамаҵзурауаа Аӡаахра амш азгәарҭоит

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПатриаршее служение в Крещенский сочельник в Храме Христа Спасителя
Патриаршее служение в Крещенский сочельник в Храме Христа Спасителя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа Иаса Қьырса Иӡаахра азгәарҭоит ажьырныҳәа 19 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 16-Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аррамаҵзурауаа рҭаацәеи дареи Аӡаахратә ҽыӡҭшьра азгәарҭараны иҟоуп, абри атәы аанацҳауеит ААБ апресс-маҵзура.

Иазгәаҭоуп, арратә базаҟны иҟоу Ацқьа Николаи иныхачаԥаҿ ишымҩаԥгахо Қьырса Иӡаахразы Ҳазшаз имҵаныҳәара, иара иалахәхар рылшоит Анцәа дхазҵо зегьы.

Аӡаахратә ҽыӡҭшьра мҩаԥгахоит арратә еилазаара ахьгылоу амшын аҟәараҿы, уи азы ирхиахоит аҭыԥқәа.

Қьырса ныҳәа инаркны Аӡаахра аҟынӡа (ажьырныҳәа 7 инаркны 19-нӡа) иԥшьоу, ицқьоу амшқәа ҳәа ирышьҭоуп. Аныҳәа мышкы шыбжьоу чгара мшуп.

Аҽӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит 30 шықәса ирҭагылаз Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа.

Аӡаахра амшныҳәа ақьырсианцәа иазгәарҭо иалагеит апостолтә аамҭақәа рзы. Ажәытәан Қьырсеи Анцәаибареи мышкны иҟан, аха аамҭақәак рыла ауахәама урҭ аныҳәақәа еиднагеит. Есышықәса Аӡаахра амш аҽни аухеи аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны аҵак дуӡӡа змоу аӡыԥшьара мҩаԥыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0