Хә-нызқь инареиҳаны ПЦР-ҭҵаарақәа мҩаԥгоуп амобилтә госпиталь аҿы

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Айтар
Мобильный госпиталь Айтар  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи арратә медусзуҩцәа Аԥсны иаарту COVID-19 змоу апациентцәа рыдкылара иазырхоу амобилтә госпиталь аҟны аус шыруц ируеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. 5 000 инареиҳаны ПЦР-ҭҵаарақәа мҩаԥгоуп амобилтә госпиталь аус ауеижьҭеи ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵура.

Урыстәылатәи аҟазауаа иара убасгьы ареспублика ақалақьқәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика рзыҟарҵоит. Уи иалнаршоит еиҳа ирццакны апациентцәа рцәа иалоу ачымазара ашьақәыргылара.

Мобильный госпиталь в Айтаре - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсны аусура иацнаҵоит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Аԥсны иааит жьҭаара 19 рзы. Агоспиталь апансионат "Аиҭар" аҿы иаадыртит. Аԥхьатәи апациентцәа аднакылеит жьҭаара 20 рзы.

2020 шықәса жьҭаара 20 раахыс арратә медусзуҩцәа астационар ахь ирыдыркылахьеит 359-ҩык апациентцәа, 300-ҩык ргәы бзиахеит. Амбулаторла рыхәышәтәра мҩаԥысит 2792-ҩык арахь иадҵаалаз.

Уажәы урыстәылатәи хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь иҭоуп 59 пациент, адиагноз COVID-19 рыманы. Дара зегьы Аԥсны иатәылауаауп.

Амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь – адәынтәи медицинатә еиҿкаароуп, акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәра иазырхоуп. Еиқәыршәоуп иахәҭаны иҟоу аппаратқәа рыла ахәышәтәреи адиагностикеи рымҩаԥгаразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0