Аԥсуа спортсмен Рустам Амԥар атурнир "Underground 3" (ЕАА) далахәхоит

© Foto / Facebook/Rustam AmparРустам Ампар
Рустам Ампар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рустам Амԥар – жәларбжьаратәи акласс иатәу аспорт азҟаза, Урыстәыла ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭлара аиааиҩы, Европеи адунеии рҟны ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭлара аԥхьахә згахьоу, адунеи Ахраҿа занашьоу, Иван Иарыгин ихьӡ зху аиндаҭлараҿы Гран-при занашьоу.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Аԥсуа спортсмен Рустам Амԥар Еиду Аштатқәа рҿы ажьырныҳәа 20 рзы имҩаԥысуа атурнир "Underground 3" далахәхоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аилак.

Рустам Ампар - Sputnik Аҧсны
Рустам Амԥар Џьек Миуллер дииааит Ниу-Иорк зых иақәиҭу ақәԥаразы атурнир аҿы

Атурнир мҩаԥнагоит Висконсинтәи азыҟаҵаратә центр (WRTC).

Ашоу аҳәаақәа ирҭагӡаны Рустам Амԥари NCAA ачемпион, ЕАА еизгоу акоманда алахәыла Сет Гросси еиԥылоит.

Рустам Амԥар – жәларбжьаратәи акласс иатәу аспорт азҟаза, Урыстәыла ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭлара аиааиҩы, Европеи адунеии рҟны ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭлара аԥхьахәгаҩ, адунеи Ахраҿа занашьоу, Иван Иарыгин ихьӡ зху аиндаҭлараҿы Гран-при занашьоу.

Иахьазы иара ихы ԥишәоит зыҟаҵаҩык иаҳасаб ала Ниу-Џьерси.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0