Агәабзиарахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аиҳабы амедаль иананашьеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Айтар
Мобильный госпиталь Айтар  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь ареспубликахь иаашьҭын акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы ажьырныҳәа 18 рҟынӡа. Ареспублика иҟанаҵаз аҳәарала амобилтә госпиталь аусура иацнаҵоит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аиҳабы амедаль "Аџьынџьтә гәабзиарахьчара аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы" ианананашьеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Абдулмеджид Магомедов амедаль ианашьоуп Аԥсны акороновирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥаразы. Аҳамҭа инапаҿы иаиркит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

© Foto / АПСНЫПРЕССАгәабзиарахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аиҳабы амедаль ианананашьеит
Агәабзиарахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аиҳабы амедаль иананашьеит - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аиҳабы амедаль ианананашьеит

"Аԥсны Аҳәынҭқарра акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥараҿы ацхыраара ду анаҭоит Урыстәылатәи Афедерациа. Зҟазара ҳараку аҳақьымцәа, аҟазауаа ареспублика ауааԥсыра ргәабзиареи рыԥсҭазаареи рыхьчаразы хацәынмырха иқәԥоит",- иҳәеит Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Мобильный госпиталь Айтар  - Sputnik Аҧсны
Хә-нызқь инареиҳаны ПЦР-ҭҵаарақәа мҩаԥгоуп амобилтә госпиталь аҿы

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Аԥсны иааит жьҭаара 19 рзы. Агоспиталь апансионат "Аиҭар" аҿы иаадыртит. Аԥхьатәи апациентцәа аднакылеит жьҭаара 20 рзы.

Амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь – адәынтәи медицинатә еиҿкаароуп, акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәра иазырхоуп.

Еиқәыршәоуп иахәҭаны иҟоу аппаратқәа рыла ахәышәтәреи адиагностикеи рымҩаԥгаразы.

Араҟа ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0