Арҿиаратә импульс: Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп аԥхьаҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рзы онлаин еицлабра

CC0 / / Перьевая ручка и лист бумаги
Перьевая ручка и лист бумаги  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҿиаратә еицлабра "Араӡны калам" иалахәхар рылшоит 12 шықәса зхыҵуа инадыркны изҭаххо зегьы. Аԥсышәалеи урысшәалеи аусумҭақәа ркьыԥхьуеит аицлабра Facebook, Instagram рҿтәи аофициалтә даҟьақәа рҿы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны акультура аминистрреи Россотрудничествои, Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәшеи ирыдыркылоит арзаҳалқәа ареспубликатә онлаин еицлабра "Араӡны калам" алахәхаразы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аицлабра аиҿкааратә еилакы ахаҭарнак Фаина Кондратьева.

"Аицлабра иахықәку аҿар алитература радԥхьалара, аҩра раларгара, апоезиа, апроза ҿырҳәала рырҵара ауп. Уажәы акарантин аамҭазы аиҳараҩык аҩны ианыҩнаха ари аҩыза аицлабра ауаа аинтерес ркуеит", - ҳәа лҳәеит лара.

Кондратьева лажәақәа рыла, аусумҭақәа рыдыркылоит еиуеиԥшым аноминациақәеи ажанрқәеи рыла.

Аханатә иазԥхьагәаҭан 12-35 шықәса ирыбжьанакуа рымацара ралархәра, аха нас иӡыбхеит 12 шықәса инаркны изҭаху зегьы алахәхарц.

Книги Михи Лакрба  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Миха Лакрба иновеллақәа рыԥхьаразы аиндаҭлара рыланаҳәеит

"Аԥҟарақәа рыла арзаҳалқәа мшаԥы 1 аҟынӡа иҳадаҳкылоит, аха алахәылацәа рацәаҩхар, аҿҳәара ҳнахоит", - ҳәа азгәалҭеит Кондратьева.

Арҿиамҭатә текстқәеи аԥхьаратә видеоқәеи рынашьҭра ҟалоит аицлабра аԥошьҭахь: serpero@bk.ru. иаиааиз алыркаауеит ажиури алахәылацәа: Даур Начҟьебиа, Гунда Сақаниаԥҳа, Ричард Ҷкадуа, Дырмит Габалиа, Симона Спафопуло, Кьасоу Ҳагба.

"Zoom ала аиԥыларақәа мҩаԥаагахьеит лахәылацәақәаки ҳареи. Ажиури алахәылацәа абжьгарақәа ҟарҵоит. Ҳгәыӷуеит урҭ абжьгарақәа хра рыманы иҟалап ҳәа", - еиҭалҳәоит Кондратьева.

Ареспубликатә онлаин еицлабра "Араӡны калам" мҩаԥысуеит Аԥсны акультура аминистрреи Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи, Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәшеи раԥшьгарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0