АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. Рустам Амԥар зых иақәиҭу ақәԥаразы ЕАА еизгоу акоманда иреиӷьқәоу ҳәа иԥхьаӡоу ақәԥаҩ Сет Гросс диҵахеит атурнир "Underground 3" аҿы. Атурнир мҩаԥысит ажьырныҳәа 20 рзы Еиду Аштатқәа рҟны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аспорт азы аҳәынҭеилакы.
"Ақәгылара актәи азбжа ашьҭахь аԥсуа 7:0 ҳәа аԥыжәара иман, аха ақәгылара ахыркәшамҭазы 9:8 ҳәа даҵахеит. Сет Гросс - зых иақәиҭу ақәԥаразы ЕАА еизгоу акоманда иреиӷьқәоу ҳәа иԥхьаӡоу ақәԥаҩ, NCAA ачемпион, 2021 шықәсазтәи аолимпиатә хәмаррақәа рылахәхаразы акндидат", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Атурнир мҩаԥнагон Висконсинтәи азыҟаҵаратә центр (WRTC).
Рустам Амԥар – жәларбжьаратәи акласс иатәу аспорт азҟаза, Урыстәыла ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭлара аиааиҩы, Европеи адунеии рҟны ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭлара аԥхьахә згахьоу, адунеи Ахраҿа занашьоу, Иван Иарыгин ихьӡ зху аиндаҭлараҿы Гран-при занашьоу.
"Аремонттә усурақәа ирзоурыжьран иҟоуп 3 миллионки 500 нызқь мааҭи. Урҭ аԥарақәа ҳарзыԥшуп. Апроект ала аџьармыкьа аартны иазгәаҭоуп, аха иаркызар иаҳа еиӷьхон. Уажәы ахәаахәҭразы аџьармыкьахь иааиуа ауаа маҷуп. Иахьықәгыло ыҟаӡам, ақәа леи, асы леи, адәы иқәгылазароуп. Бедиа ибгаз амҩа иахҟьаны аџьармыкьаҿы ахәаахәҭыҩцәа агхеит. Уажәы ауаа адәахьы ихәаахәҭуеит, астолқәа ргыланы ирымоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа рекспозициа аатит Аҟәатәи Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы жәабран 24 рзы.
"Аконкурс иалахәуп апроектқәа жәба. Урҭ рҟынтәи ааба Аҟәа атема иадҳәалоуп. Абаҟа ықәыргылахоит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы. Иара убасгьы абаҟа ықәыргылахараны иҟоуп Очамчыра араион ахадара ахыбра аҿаԥхьа", - ҳәа иҳәеит Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба.
Изҭаху зегьы неины ирбар рылшоит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Рцәыргақәҵатә зал хадаҿы ҳәа иҳәеит иара.
"Хәажәкыра хԥа рзы Аҳәынҭқарратә монументалтә комиссиа аилатәара мҩаԥнагоит иреиӷьу апроект алхразы. Акомиссиа иалахәуп 14-ҩык – аскульпторцәа, асахьаҭыхыҩцәа", - ҳәа иҳәеит Агрба.
Уи адагьы, аминистрра асаит аҿы имҩаԥысраны иҟоуп онлаин бжьыҭира. Уи аихшьаалақәа аконкурстә комиссиа алахәылацәа руаӡәк ибжьы иаҟаратәхоит ҳәа иҳәеит аминистр.
Акомиссиа алахәыла Нугзар Логәуа иазгәеиҭеит инагоу аусумҭақәа акыр агәахәара урҭартә ишынагӡоу.
"Аицлабра иалахәуп архитекторцәеи адизаинерцәеи аҿар рҟынтәи. Урҭ аметодқәеи аформа ҿыцқәеи рхы иадырхәеит. Сгәы иаанагоит апроектқәа ирылухыша ҟалоит ҳәа", - иҳәеит иара.
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа рзы аицлабра аартын 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы.
Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса хәажәкыра 4 рзы. 2005 шықәса рзы иара Аԥсны ахадас далхын, 2009 шықәсазы – деиҭалхын. Иԥсҭазаара далҵит лаҵара 29 2011 шықәса рзы.