Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа иҭалар зҭаху акандидатцәа рҭаҩра иалагеит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтуденты на лекции
Студенты на лекции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәсазы Россотрудничество ахаҭарнакрала Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалеит 50-ҩык Аԥснытәи абитуриентцәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23-Sputnik. Аԥсны иазоужьу аквотақәа рыла Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа иҭалар зҭаху акандидатцәа рҭаҩра иалагеит ажьырныҳәа 20 инаркны, ихыркәшахоит жәабран 20 рзы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра.

Иазгәаҭоуп агәаҳәара змоу зегьы асаит аҟны ашәҟәҭаҩра иахьӡароуп жәабран 20-нӡа, иахьымӡаз 2021-2022 аҵарашықәс алхратә кампаниа алахәхаразы мап ицәыркуеит.

Ашәҟәҭагалара мацара азхоит, азыҳәа анашьҭра аҭахны иҟам, ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы. Азыҳәақәа рынашьҭразы аамҭеи аихшаратә плани шьақәырӷәӷәахоит шаҟа квота ыҟоу анеилкаахалак.

Россотрудничество ахада Евгени Примаков иҳәахьан, уажәы апрограмма 15 000 ҭыԥ азыԥхьагәанаҭозар, 2023-2024 шықәсқәа рзы ҩынтәны еиҳахоит ҳәа.

Ҵыԥх Аԥсны иазоужьын 50-ҩык рҭыԥ. Алхратә кампаниа онлаин-формат ала имҩаԥысуан. Зынӡа азыҳәақәа нарышьҭит 384-ҩык абитуриентцәа, аха аԥышәарақәа рхы аладырхәит 118-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0