Раԥхьатәи аԥсуа пианиноарҳәаҩы

© Foto / Абхазский государственный музейХаџьера Аҩӡыԥҳа
Хаџьера Аҩӡыԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә пианиноарҳәаҩы Хаџьера Аҩӡыԥҳа диит 1917 шықәса ажьырныҳәа 24 рзы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik.

Ҳафиз Аҩӡба иҩнаҭаҟны еициит ҩыџьа аҭыԥҳацәа – Мерии Хаџьереи. Урҭ рлахьынҵа раԥхьатәиқәаны иалнахит. Мери – раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы лакәхеит, Хаџьера – раԥхьатәи аԥсуа пианиноарҳәаҩы лакәхеит. Амузыкаҭҵааҩы Мери Ҳашԥҳа лажәақәа рыла Меригьы амузыкатә техникум дҭан, аскрипка аҟәшаҿы аҵара лҵон.

"Ҳафиз Аҩӡба иҭаацәа рыхшара апатриотизмра рыларааӡон, аԥсуара рыларааӡон", — лҳәоит Мери Ҳашԥҳа.

Раԥхьатәи аԥсуа композитор Константин Ковачи аԥсуа милаҭтә культура аусзуҩы Кандрат Ӡиӡариеи ареспублика ахы-аҵыхәа иахысны иалрыԥшаауан ашәаҳәара, акәашара рганахьала аҟыбаҩ злаз ахәыҷқәа. Убас иалкааз рыгәҭа дыҟан Хаџьерагьы.

"Усҟан атехникум аҟны рҵаҩцәаны иҟан Москватәи амузыкантцәа, Мариа Ливенцова, аиҳәшьцәа Бубноваа реиԥш иҟақәаз", — ҳәа лгәалалыршәоит ҳашԥҳа.

Летчица Мери Авидзба  - Sputnik Аҧсны
Ԥсаатәҵас ажәҩан иалаз, аҳаракыра иазааигәаз Мери Аҩӡԥҳа лгәалашәаразы

Аџьынџьтәылатә еибашьраан ахәцәа рҿаԥхьа дықәгылон, аконцертқәа мҩаԥылгон.

1946 шықәса рзы Хаџьера дцоит Львовҟа, дҭалоит Львовтәи аконсерваториа, афортопиано аҟәша. 1951 — 1965 шықәсқәа раан Львовтәи амузыкатә ҵараиурҭа анапхгаҩыс аус луан.

"1965 шықәса инаркны, 1979 шықәса рзы атәанчарахьы дцаанӡа Хаџьера аус луан абри аҵараиурҭаҿы рҵаҩыс. Лара активла далахәын Аԥсны амузыка аҿиар", - лҳәоит Ҳашԥҳа.

Хаџьера ллепертуар иалан: Моцарт, Шуман, Рахманинов, Прокофьев уҳәа еицырдыруаз акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа.

Лыԥсҭазаара далҵит 1997 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0