АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Аԥсны АҶА аԥшьгамҭала абнақәа рымцакра азԥхьагәаҭарази аҭагылазаашьа ахылаԥшрази Аԥсны аусбарҭабжьаратә гәыԥ аԥырҵараны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит аминистрра Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.
АҶА анапхгараҿы агәаанагара рымоуп ари аҩыза аинырратә формат еиуеиԥшым аусбарҭақәа рыбжьара еиҳа алҵшәа аманы ареспублика аҩнуҵҟа ишәарҭоу амцакрақәа аԥнарҟәҟәаар алшоит ҳәа.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иазԥхьагәанаҭоит Аекологиаз аилак, Абнанхамҩа аусбарҭа, АУН "Амшынеиқәафымцамч", араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа рахь абри аҩыза ажәалагала аҟаҵара.
Аԥсны иахьаҵанакуаз 2020 шықәса ԥхынҷкәынмза анҵәамҭази 2021 шықәса ажьырныҳәамзази абнарақәа рҟны абылрақәа рацәан, амцақәа рхы ркуан аамҭак иалагӡаны араионқәа зегьы рҿы. АҶА адыррақәа рыла амцакрақәа рзеиԥш ҵакыра х-нызқь гектар еиҳан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Амцарцәаразы: Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи Урыстәыла ААО аруааи аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит
АҞӘА, хәажәкыра 5– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 234-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 21-ы акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 34-ҩык, урҭ рахьтә 21-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп фҩык, ибжьаратәуп -16-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 14-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - жәаҩык.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Аҟәа имҩаԥысит "Ақыҭанхамҩа аҿиареи, аинновациеи рзы ацентр" захьӡу анаплак ҿыц аалыҵ аӡыргара иазкыз аусмҩаԥгатә. Аӡыргарахь инаган еиуеиԥшым ахәаҷа-маҷақәа рнырҵәаразы рхы иадырхәо ҩынҩажәа рҿынӡа ахәшәқәа. Аиҿкааҩцәа излазгәарҭо ала, ари коммерциатә проектуп. Уи напхгара аиҭоит ақыҭанхамҩа ԥасатәи аминистр Амиран Какалиа.
Шәазыӡырҩы аудио.