Бжьаниа Аԥсны аенергосистема апроблема хадақәа дрылацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспублика аенергосистема апроблема хадақәа аликааит, ӡбашьас ирымоу ҳәа иибогьы далацәажәеит Аԥсуа телерадиоеилахәыра адиректор хада Ирина Агрԥҳа аинтервиу анлиҭоз.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28- Sputnik. Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иҟоу аенергосистема аҭагылазаашьа иахьеи иаци иҟалаз ракәӡам, уаанӡатәи амзызқәа рымоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телерадиоеилахәыра аинтервиу анеиҭоз.

Аԥсны аенергетикатә усхк заҟа лагала аҭахны иҟоузеи

Атәыла ахада ишиҳәаз ала 2016 шықәса мшаԥымзазы Аԥсны акапиталтә ргылара Аусбарҭеи ИАЕ "ЭнергосетьПроекти" рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын. Уи инақәыршәаны "ЭнергосетьПроект" аус аднаулараны иҟан адокумент хада "Аԥсны Аҳәынҭқарра аенергетика ԥхьаҟатәи аҿиара асхемақәеи апланқәеи".

Афымцамч агәаҭара: Аслан Бжьаниа Амшынеиқәафымцамч даҭааит - Sputnik Аҧсны
Афымцамч агәаҭара: Аслан Бжьаниа "Амшынеиқәафымцамч" даҭааит

Абри ахықәкы азы 2016 шықәсазтәи Аинвестпрограммаҿы 55 миллиони 300 нызқьмааҭ аԥара арбан.

Аҟазауаа аенергетикатә усхк аҭагылазаашьа анализ азыруит, ирыԥхьаӡеит 2017 - 2021 шықәсқәа рыҩныҵҟаи, ԥхьаҟазы 2026 шықәсанӡеи атәыла аенергетик ишазоужьтәу 9,7 миллиард мааҭ. Аус зыдуло адокумент инақәыршәаны авольтҳаракцәаҳәақәа ишахәҭоу, 35 киловольт рыманы русуразы 11 миллиард мааҭ аҭахуп. Бжьаниа иазгәеиҭеит 2016 шықәсазгьы арҭ ахәқәа шыҟаз.

Аха адокумент "Аԥсны Аҳәынҭқарра аенергетика ԥхьаҟатәи аҿиара асхемақәеи апланқәеи" аекономика аминистрраҿы аума атәыла аиҳабыраҿы аума ирыдрымкылеит ҳәа иҳәоит Бжьаниа.

Убри аан 2017 шықәса раахыс асистема 862 миллион мааҭ заҵәык роуп иақәхарџьу, бжьаратәла шықәсык аҩныҵҟа 215 миллион мааҭ.

"Егьырҭ аԥарақәа ԥшаамызт, аҳәынҭқаррагьы алшара амамызт аинвистициа ахышәаҵышәа аиҭакразы. Асеиԥш шьаҿа-шьаҿа ари аус ҳаҿызар жәашықәсала ҳагоит", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

2020 шықәса рзы ахада инапынҵала Аминистрцәа реилазаареи Урыстәыла аенергетика аминистрреи реилацәажәара ашьҭахь Аԥсныҟа иааит ҩеижәаҩык рҟынӡа аенергетика аҟазауаа. Имҩаԥыргаз аусурақәа аихшьаалақәа рыла иазырхиан аҳасабырбатә документ.

Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла ари адокумент иаанарԥшуеит ареспублика фымцалашарала аиқәыршәаразы, ахархәаҩцәа рзынашьҭразы иахьазы ихымԥадатәины ишыҟоу 4,7 миллиард мааҭ.

"Ари зегь аҭыԥ иқәнаҵоит ҳәа ҳазҳәом, аха авариатә режимқәа ҳацәыхьчахоит, хаҭабзиарала алашара анашьҭра алнаршоит", - иҳәеит ахада.

Афымцалашара атарифқәа аиҭарыхәаԥшра

Ареспублика ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит аусхк аҿы аҭыԥ шамоу афымцалашара ахәԥса амшәара асистема. Аԥсны алашараз атариф ԥсахын 2012 шықәса рзы, иагьышьақәнаргылон 40 копеи киловаттк азы.

Аслан Бжания посетил диспетчерскую  Черноморэнерго - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа: аенергетикцәа имҩаԥырго аус азакәаншьаҭа аиуеит

Ахада иҳәеит иара убри 40 копеи зымшәогьы шырацәоу, афымцамч ахархәара гәазҭо амаругақәа ахьрымам азы. Бжьаниа иажәақәа рыла арҭ амаругақәа рыхәԥса – аказы 18 000 мааҭ итәоит. Иаҭахны иҟоуп 90 000 маруга. Аԥсны зегьы урҭ рыла аиқәыршәаразы иаҭаххоит ҩ-миллиард мааҭк инарыцны.

"Атехникалеи аекономикалеи аҵаҵӷәы змоу атариф ашьақәыргыларазы аметодика аус адааулароуп. Абри азы аиҳабыра анапынҵа роухьеит, адокумент рхиоуп. Сгәы иаанагоит 2021 шықәсазы иҳадаҳкылап ҳәа", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны ишыҟоу 42 станциа маҷ, 35-и инацни киловольт аазышьҭуа. Урҭ рҟынтәи аштаттә режим ала, аиҳаракгьы аӡынразы анормативқәа инарықәыршәаны аус зуа быжьба заҵәык роуп. 35 станциа маҷ ирықәло аидара иахҟьаны лассы-лассы иԥхасҭахоит.

"Сгәаанагарала асоциалтә ҵаҵӷәы змоу атариф шьақәыргылахоит. Анорматив инахырҳәҳәаны афымцамч ахархәараан аҽа хәыԥсак ҟалоит. Афакторқәа зегьы азыԥхьагәаҳҭоит. Аҽакала аҭагылазаашьа ԥсыхәа амаӡам аиҭакра", - иҳәоит ахада.

Авольтҳаракцәаҳәа "Аҽгәара" аремонт

Апроблема хадақәа рахь иаҵеикит Бжьаниа авольтҳаракцәаҳәа "Аҽгәара" аремонтгьы.

ЛЭП - Sputnik Аҧсны
Логәуа: авольтҳарак цәаҳәа Аҽгәара аремонт Егрынтәи иаауа афымцалашара апроблема аӡбуеит

Иара иажәақәа рыла иазырхиоуп Урыстәылатәи Афедерациахь ашәҟәы, 2021 шықәсазтәи Аинвестпрограмма аԥсахрақәа алагалазарц, абри ацәаҳәа аремонт азуразы. Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аремонт анзалмыршаха аремонт азы аԥара ԥшаатәхоит, азҵаарагьы ӡбатәхоит. Бжьаниа иҳәеит Урыстәыла аенергетика аминистррахь аҳәара шыҟаҵахо аргыларатә материалқәеи аныхратә материалқәеи рзы ацхыраара ҟарҵарц. Аремонт ахәԥса 110 миллион мааҭ итәоит.

"Аԥсны аенергетика аусхк азнеишьа маншәала аҭахуп. Иаалырҟьаны иуӡбо акакәӡам. Аиҳаракгьы уажәы, акризис аамҭазы. Апроблема шьаҿа-шьаҿала иӡбазҭгьы иахьа иҟоу аҿы ҳнанагомызт. Ибзианы еилаҳкаауеит атәылауаа лашарада иахьтәоу шыргәамԥхо, уи ахархәарала аполитикатә ҭагылазаашьа ашьақәҟьара иалагар шауа џьоукы аполитичкатә дивидендқәа роуразы. Зегь аабоит, еилаҳкаауеит, аха уи апроблема азыӡбаӡом. Ари хшыҩхьшәашәала изызнеитәу зҵаароуп", - иҳәеит ахада.

Амаининг аҿагылара

Ахада иажәақәа рыла 2016 шықәса раахыс ареспубликаҿы хылаԥшрада, џьаргьы иазгәамҭо ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи акриптовалиута роуан.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәеи иареи реицәажәара ашьҭахь ареидтә уснагӡатәқәа ишрылагаз, амаининг-фермақәа рҿыхразы. Ахада инапынҵала ареидқәа ирылахәуп аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы.

Совещание Аслана Бжания по энергетике  - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа амаинерцәа ахараԥса рықәҵаны рмаругақәа рымҳхуеит иҳәеит

Аслан Бжьаниа игәаанагарала акриптовалиута амаининг ареспублика аҭыԥқәак рҿы иаур ҟалоит, аха уи даара ибзианы иҭҵаатәу зҵаараны иҟоуп.

"Аԥсны ари аусхк амҩаԥгара алшоит, аха иахьатәи аенергетика иамоу аҭагылазаашьа ҷыдаҿы уи уалацәажәартә иҟам. Аԥҟарақәа, азакәанқәа ишахәҭоу аиԥш ианазҳархиалак, урҭ рынагӡара аналҳаршалак, акриптовалиутагьы аҭыԥ аиур ҟалоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Иахьатәи аҭагылазаашьаан акриптовалиута аиураз аусурақәа зынӡа ҟалашьа рымаӡам.

"Еилыскаауеит ҳтәылауаа ахарџь ҟазҵаз шыҟоу, аха еиҭасҳәоит, иахьатәи аамҭазы зегь аанкылатәуп. Аӡәы аԥара анирҳауа, уи иахҟьаны егьи ахьҭа данакуа – уаҩрам", - иҳәеит Бжьаниа.

Аслана Бжьаниа иҳәеит акриптовалиута аиура аҿагылара шаиуа атәылаҿы аенергосистема аҭыԥ иқәҵахаанӡа.

"Агәаҭарақәа мҩаԥаагалоит. Алҵшәақәагьы ҟамлар ҟалаӡом. Асеиԥш уаанӡа иҟарҵомызт. Изгәамԥхогьы ҟалашт. Атәыла аиҳабыра рхыԥша ҵнашәаауеит, аха аҽакала ахымҩаԥгара ауам. Ауааԥсыра аамҭа-аамҭала адырра раҳҭалоит ҳусурази аенергетика аҭагылазаашьази", - иҳәеит иара.

Ахада иҳәеит Апарламент ахь ишынеишьҭыз акриптовалиута аиуразы изакәаным аусурақәа мҩаԥызго рҭакԥхықәра арӷәӷәаразы азакәанқәа рыпроектқәа.

Урҭ инарықәыршәаны иазыԥхьагәаҭоуп мегаваттк иҟоу афымцамчхара закәандарыла ахархәаразы миллионки 800 нызқьмааҭ ахараԥса. Ашықәс аҩныҵҟа аиҭеилагаразы – ашьауӷатә ҭакԥхықәреи рмазара рымхреи.

Ажәабжьқәа зегьы
0