Урыстәылатәи атуроператорцәа Аԥсны аԥхын аԥсшьаразы рҭаххара ахәшьара арҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДевушка на набережной Сухума
Девушка на набережной Сухума - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекспертцәа рдыррақәа рыла Аԥсны 2021 шықәсазтәи асезон азы еиҳа ирҭаху аԥсшьарҭа ҭыԥқәа хәба рхыԥхьаӡара иалашәеит, Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Кавказтәи Аминералтә ӡқәа рышьҭахь аԥшьбатәи аҭыԥ нкыло.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. 2021 шықәсазы Аԥсны аԥсшьара аҭаххара еиҳахоит 10 - 20%, рыла, аҳәаанырцә плиажқәа жәпакы раркраамҭаан, Атәыла аҩныҵҟа антиковидтә уснагӡатәқәа алагаламхар асезон уаанӡатәи аамҭақәа ирықәыршәаны ихацыркхоит ҳәа агәаанагара рымоуп урыстәылатәи атуроператорцәа.

"Атуристцәа Аԥсны залыркаауа амзызқәа иреиуоуп COVID-19 азы ПЦР-тест аҭара ахьаҭахым, англыз бызшәала аршаҳаҭгақәа роура ахьаҭахым, арегион ахь урыстәылатәи атәылауаҩшәҟә ала аҭалара ахьауа, амҩа аамҭа рацәаны иахьақәыдмырӡуа", - азгәарҭеит "Интурист" аҿы.

Аилахәыраҟны еиҳа аԥыжәара змоу ҭыԥқәаны рыӡбахә рҳәоит акурортқәа Гагра, Пицунда, Афон Ҿыц, Аҟәа. Бжьаратәла Аԥсны рыԥсшьараамҭа 10-14 у/ҽ ыҟоуп.

АЛЕАН астатистика ала аҵыхәтәантәи аҩышықәса Аԥсны аҭаххара амоуп аныҟәаратә хырхарҭагьы. Убри азы 2021 шықәсаз атуроператор иазыԥхьагәеиҭеит автортә екскурсиатә турқәа Аԥсныҟа, Аҟәатәи аотельқәа рбазала. Ари аҩыза аԥсшьара аплиажтә ԥсшьарагьы иацымҩаԥугар ҟалоит.

Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны 2021 шықәса аԥхынразы еиҳа заа иаҿарҵо аҭыԥқәа ирылахәуп

Атуроператорцәа ргәаҭарақәа рыла традициала ԥхынгәы, нанҳәа амзақәа еиҳа аҭаххара рымоуп, аха ус шакәугьы лаҵарамзагьы азхьаԥшра арҭоит. Макьаназы цәыббрамза азыҳәақәа маҷны иазыҟаҵоуп.

Аекспертцәа иазгәарҭоит Аԥсны аотельқәа реиҳарак рыхәԥса шышьҭырхыз 5-10% рҟынӡа. Иҟоуп асезон-2020 аантәи ахәԥсақәа нзыжьызгьы.

Аобиект акатегориеи аҟазаара аамҭеи ирҿырԥшны ахәқәа реиҵатәра 7 -50% итәоит.

Ажьырныҳәа 27 азтәи адыррақәа рыла Москвантәи Шәачанӡеи шьҭахьҟаи аԥырра алаҵаны апакеттә турқәа ҩыџьа хынтәтәи рыкрыфара алаҵаны жәамш рыԥсшьара ахәԥса иартәоит:

  • 40,1 нызқь мааҭ (Аҟәа)
  • 48,2 нызқь мааҭ (Гагра).

Иара абри аамҭазтәи жәамштәи атурпакетқәа (ҩыџьа рзы, хынтәтәи рыкрыфара алаҵаны) иахьазы ирыхәԥсоуп:

  • 69,3 нызқь мааҭ (Гагра)
  • 66,1 нызқь мааҭ (Пицунда).
Ажәабжьқәа зегьы
0