АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
1960 шықәса рзы ииз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 27 рзы. Иизықәыргылаз адиагноз хада акоронавирустә инфекциа ҿыц ауп. Ажьырныҳәа 28 рзы 69 шықәса зхыҵуаз даҽа пациентк иԥсҭазаара далҵит. Адиагноз хада акоронавирустә инфекциа ҿыц, ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 122-ы, урҭ рахьтә 110-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 42-ҩык, ибжьаратәуп - 54-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 25-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 13-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 36-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 47-ҩык апациентцәа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11469-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 9782-а, рыԥсҭазаара иалҵит 170-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәыԥк ахада Аслан Бжьаниа ԥхьатәара дцарц ааԥхьара ирҭеит.
Ааԥхьараҿы аветеранцәа иазгәарҭеит 2020 шықәсазтәи анапхгареиҭакреи уи ашьҭахьтәи алхрақәеи атәылаҿ аҭагылазаашьа шеиҭарымкыз, 2004 шықәса раахыстәи аполитикатә кризис еиҳагьы аҽшарҭбааз.
"Ақәԥара ахьӡала ақәԥара ҳарааԥсеит. Адәныҟатәи ашәарҭарақәа ракәӡам ҳазҿагылогьы, ҳара ҳара ҳаиҿагылоуп. Иахьа зегьы еилыркаахьеит иалху амҩа, аиаша уҳәозар амҩа аҟамзаара, хара имгакәа аҳәынҭқарра ацәыӡрахь ҳашкылнаго", - аҳәоит аԥшьгаратә гәыԥ ирыладырҵәаз ааԥхьара.
Аҳәынҭқарразы ишәарҭоу ахылҿиаақәа ралмыршаразы, амилаҭ ԥхьаҟатәи рыҿиараз аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵаразы аветеранцәа ааԥхьара руеит:
Аҩаша, хәажәкыра 9 рзы аветеранцәа атәылаҿ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьазы Аҟәа апресс-конференциа мҩаԥыргеит.
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Ахра Аҩӡба иаанкылара Аԥсны аҩныҵҟатә ус акәны, азинхьчаратәи аӡбарҭатәи усбарҭақәа ркомпетенциа иаҵанакуа усны иахәаԥшуеит. Абри азы Ацҳаражәҳәарҭа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы аҳәамҭа ҟаҵоуп.
"Аҭагылазаашьа амилаҭтә закәанԥҵара инақәыршәаны аҭышәныртәалара мҩаԥысып ҳәа агәыӷра ҳаманы ааԥхьара ҟаҳҵоит, ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәа рахь азиндырратә аспектқәа рхы рыларымгалаларц, аҳәынҭқарра аҩныҵҟа аҭынчра аиқәырхаразы", - азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа.
Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз иҩызцәа хәҩыки рганахьала ашьаус хацыркуп уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.
Хәажәкыра 7 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәа: Талех Гасанов, Аслана Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа мызкы ҭакрала ирхыргарц аӡбамҭа аднакылеит.
Владимир Шьербаков, административтә зинеилагара мҩаԥигеит ҳәа даанкылоуп хәажәкыра 9-нӡа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: