АҞӘА, ажьырныҳәа 29-Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аслан Бжьаниа атәыла ауаажәларратә усзуҩцәеи аинтеллигенциеи дырԥылеит еиуеиԥшым актуалра змоу азҵаарақәа рылацәажәаразы, ажьырныҳәа 29 рзы.
Аиԥылараҿы ареспублика ашәарҭадаразы арратә мчқәа рырӷәӷәара азҵаара дазааҭгылеит Атәыла ахада. Иара иазгәеиҭеит арратә усх аҟны аҭагылазашьа шыуадаҩу, аха "ашәара ҳалаланы иҟам". Уезгьы, Аслан Бжьаниа игәаанагарала арра-техника рӷәӷәатәуп, агәҽанызаара ҳамазароуп Ашьха Ҟарабах иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь.
"Аибашьреи аҭынчреи рызҵаара хашҭшьа змам зҵаароуп. Қырҭтәыла атәылахьчара абиуџьет иартәоит 270 миллион доллар, 40 нызқьҩык амобилизациа иаҵанакуеит. Ари ҳара агәҭынчымра ҳазцәырнагоит, иҳамоуи ҳалшарақәеи рызхәыцра аҭахуп", - иҳәеит иара.
Бжьаниа иажәақәа рыла Урыстәылеи Аԥсни рырратә усеицура аҵак ду амоуп, дара рыцхыраарала Аԥсны арратә мчқәа иахәҭоу аҩаӡараҟынӡа ихагалатәуп, техникала еиқәыршәатәуп.
Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Аԥсуаа ртрадициатә культураҿы аԥҳәыс еснагь иҳаракыу аҭыԥ аанылкылон. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуаа зымҵаныҳәо анцәахәқәа рҟынгьы аԥҳәыс лхаҿала иаарԥшу анцәахәқәа шеиҳау убоит. Иара зегь иреиҳау мчны иԥхьаӡо Анцәа ихьӡ акәзаргьы, ажәа "ан" аҟынтәи иаауеит. Аԥҳәыс лроль шҳаракыз аадырԥшуеит аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәагьы. Уи Саҭанеи Гәашьеи Гәында-ԥшӡеи рхаҿсахьа уҳәару, аҭоурых-фырхаҵаратә ҳәамҭақәа рҟны иаарԥшу Баалоу-ԥҳа Мадина леиԥш иҟоу афырԥҳәызбацәа инадыркны аԥсуа лакәқәа рҟны иуԥыло аҭаца ҟәыш лхаҿсахьа уҳәа ирацәаны.
Аԥҳәыс илыхҟьаны жәларык еиҿагыланы еибашьыргьы ауан, ус еиԥш Аԥсны аҭоурыхгьы иадыруеит. Убас Шьалуа Инал-иԥа ишиҩуа ала, VI ашәышықәса азбжазы аԥсилаа аԥҳәыс лыпату ахьчаразы усҟантәи аамҭазы Ҵабал иҟаз агарнизон зегь ықәырхит, атәымуаҩ дааны ахьымӡӷ шԥаҳиргоз ҳәа. Аха убри аан аԥҳәыс лҭыԥ лдыруа дыҟан. Иаҳҳәап, аԥҳәыс ахаҵа иаасҭа дыррала деиҳазаргьы, ауаа рҟны уи аалырԥшуамызт, лара лҵаҳәақәа рыла ахаҵа аиааира илыргон. Убри азоуп изырҳәогьы аԥҳәыс илҭаххар, унлырхоит, ианамуӡагь – ухлырҵәоит ҳәа.
Аԥсуаа ишырҳәо ала, иҟоуп хә-ҟазшьак аазырԥшуа аҳәса: амшәԥҳәыс, афырԥҳәызба, абырфынԥҳәыс, агәарабжьараԥҳәыс, агәараԥҳәыс.
Иазгәаҭатәуп, ҵарада аҵара змаз ауаа, аԥсабареи иара аԥсҭазаара ахаҭеи ашьклаԥшрала иҟарҵоз алкаақәа иҵабыргыхаҭаны иубо ишыҟоу.
Иахьатәи ҳаамҭазы имҩаԥысуа аполитактә процессқәа ҳрыхәаԥшуазар, Ахада иадминистрациа аԥхьа арҭ амшқәа рзы еизаз рыбжьы аҟынтәи аҳәса рыбжьы "вперед" ҳәа иаалыҩуаз, аӷа ихыбра иақәлозшәа, ашә ԥышәҽ ҳәа ахацәа зыраапкуаз, хыхь зыӡбахә сҳәоз аҳәса фырԥҳәызбацәа ркатегориахь иузаҵакуама?
Аимак змаз аԥҳәыс данрыбжьагылалак, аибашьрагьы аанылкылозҭгьы, иахьа зегь еиҟарауаахеит, аԥҳәысгьы, ахаҵагьы, аиҳабгьы, аиҵыбгьы. Досу рхатә ганахь ишахо ала, аӡәы иаҳа хшыҩла даҽаӡәы диеиҳауп ҳәагьы узҳәом.
Иарбан ԥеиԥшу аԥсҭазаара иаҳзаанагаша, "ҳанзырхо акәу, ҳахзырҵәо акәу" аҳәара уадаҩуп. Ашәак аҟны ишҳәаз еиԥш, "зегь зыӡбо Анцәа иоуп, даҽа маҷк – ауаа роуп"…
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Џьапуаԥҳа дазааҭгылеит аԥсуа ԥҳәызба Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы ллагала
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь аҳақьымцәа- аҳәса март 8 рыдырныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.
Аԥсны ауааԥсыра ковид-госпиталь аусзуҩцәа аныҳәа рыдырныҳәалеит асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы.
Амобилтә госпиталь аҳақьымцәа аҳәса 20-ҩык иранаршьеит ашәҭқәеи аҳамҭақәеи, ирзеиӷьаршьеит агәабзиара, абзиабара, агәалаҟазаара бзиа, ачҳара имариам рус аҿы.
Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.
Иара убасгьы агоспиталь алабораториаҿ 18 000 рҟынӡа клиникатә ҭҵаара мҩаԥган, урҭ рҟынтәи 5,3 нызқь ПЦР-тест, 2 000 рентгенограмма. Иахьазы амедусзуҩцәа аҽеизгара иаҿуп. Хара имгакәа арратә техника аилазаара иаланы есқьаангьтәи ргыларҭа ҭыԥ иазыхынҳәуеит.