"Ҳаибашьҩы ду, ҳарҵаҩ ду": Александр Кьетиа игәалашәара иазкны

© Foto / Саида ЖьиԥҳаАлександр Кьетиа
Александр Кьетиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, Гагратәи 7-тәи арезервтә ахысратә бригада аштаб аиҳабы, Гагратәи абжьаратә школ №4 арҵаҩы Александр (Витали) Гьаргь-иԥа Кьетиа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Дыҟамзар ҟалап Гагра араион аӡәы, Александр Гьаргь-иԥа Кьетиа дыззымдыруаз, ма иӡбахә змаҳахьаз. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ҟалаанӡа иара акыр шықәса инеиԥынкыланы аус иухьан Гагратәи абжьаратә школ №2 аҵара аҟәша аиҳабыс. Аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, раԥхьатәи амшқәа инадыркны иашьцәеи иҩызцәеи рыгәҭа дгыланы аӷа диҿагылеит, раԥхьанатә Бзыԥҭатәи ахырӷәӷәарҭаҿы дыҟан. 1992 шықәса цәыббрамзазы, аԥшыхәратә гәыԥ акомандаҟаҵаҩ Витали Ажьиба ихаҭыԥуаҩс дҟалоит. Гагра араион ахақәиҭтәра аан фырхаҵарала деибашьит. Аамҭа-аамҭала Гагратәи абаталион акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩс, абаталион акомиссарс, Гагратәи агарнизон акомиссарс уҳәа аҭакзыԥхықәыз амаҵурақәа ныҟәигон. Дрылахәын Гәымсҭатәи ахыхьчаратә хырӷәӷәарҭаҿы ицоз аиҿагыларақәа, Аҟәа ГЕС, Ахалшени, Гәыма, Каман, Шрома, Гәандра, Аҟәа ақалақь уҳәа ргаразы ажәыларақәа.

© Foto / Саида ЖьиԥҳаАлександр Кьетиа аибашьцәа рыгәҭа
Ҳаибашьҩы ду, ҳарҵаҩ ду: Александр Кьетиа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Александр Кьетиа аибашьцәа рыгәҭа

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ашьҭахь Егры аҳәаа ахьчараан, иҩызцәеи иареи ақырҭуа гәыԥқәа ианырҿагыла, ахәра ӷәӷәақәа иоуит, арымарала инапы, ишьапы, имгәа ахқәа рықәшәоит. Аҳақьымцәа ишьапы данықәдыргылалак, Гагратәи 7-тәи арезервтә ахысратә бригада аштаб аиҳабыс дҟалоит. 1998, 2001 шықәсқәа раан Кәыдрытәи аиҩхааҟны аконтртеррористтә операциақәа дрылахәын. 2008 шықәсазы Кәыдрытәи аиҩхаа аҭарцәра далахәын. Аамҭа-аамҭала Урыстәыла, арратә курсқәа дырхысуан, иԥышәа еизирҳауан.

© Foto / Саида ЖьиԥҳаАлександр Кьетиа иеибашьратә ҩызцәа рыгәҭа
Ҳаибашьҩы ду, ҳарҵаҩ ду: Александр Кьетиа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Александр Кьетиа иеибашьратә ҩызцәа рыгәҭа

Александр Кьетиа иаалырҟьаны иԥсҭазаара иалҵра гәыхь духеит зегь рзы. 29 шықәса раԥхьа Бзыԥҭатәи ахырӷәӷәарҭаҟны иабадырыз, анаҩс ҩызас, иашьас изыҟалаз Роман Рабаиа иҳәеит ари ахҭыс аибашьра шалагаз ажәабжь еиқәаҵәа ишизаҩызахаз.

"Александр Кьетиа ҳара Витали ҳәа иаҳҳәон. Иареи сареи ҳаибадырит Бзыԥҭатәи ахырӷәӷәарҭаҟны, Арасаӡыхь ҳәа иахьашьҭоу аиланхарҭа аханы. Уантәи ҳаибашьцәа Мамзышьха ахырхарҭахь ԥшыхәра ицалон. Александр дшырҵаҩыз убраҟа издырит. Ицәажәашьеи ихымҩаԥгашьеи рылагьы иаразнак еилукаауан ашкол аҿы аус шиуаз. Ҟазшьала дыџьбаран, деиҿкааҩын, иҿаԥхьа иқәгылаз азҵаатәы аҵыхәанӡа инаигӡаанӡа игәы ирҭынчуамызт. Исгәалашәоит аҵарадырра, аспорт, акультура уҳәа аибашьра ашьҭахь зда ҳхәарҭамхоз азанааҭқәа змаз ауаа ҳашрыхӡыӡаауаз. Убасҟан еилагылаз Александр Гьаргь-иԥа изы аҩныҟа дхынҳәырц аҳәара ирҭеит, аха иара шаҟа имушаз. Аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа, ашьҭахьгьы Егры аҳәаа аума, Кәыдрытәи аиҩхааҟны аума, имҩаԥысуаз аоперациақәа дрылахәын", - аҩыза иӡбахә далацәажәоит Гагратәи 7-тәи ахысратә арезервтә бригада акомандаҟаҵаҩ Роман Рабаиа.

© Foto / Саида ЖьиԥҳаАлександр Кьетиа
Ҳаибашьҩы ду, ҳарҵаҩ ду: Александр Кьетиа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Александр Кьетиа

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ашьҭахь, Александр Кьетиа афизика арҵаҩыс Гагратәи абжьаратә школ №4 ахь даарыԥхьоит. Араҟа 18 шықәса аҵара-ааӡаратә ус дазааԥсеит. Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аус ицызуаз ашкол уаанӡатәи адиректор Гәырам Боџьгәуа иазгәеиҭеит Александр Гьаргь-иԥа иеиԥш арҵаҩратә еилазаареи ахәыҷқәеи ашкол аҭыӡқәа рҿы бзиа ирбоз дыҟамзар ҟаларын ҳәа.

"Александр Кьетиеи сареи 18 шықәса аус еицаҳуит. Афизика амаҭәар азы изныкымкәа иаарту аурокқәа мҩаԥигахьан. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра иадҳәалоу арыцхәқәа раан аҵаҩцәа иманы аиҿагылара ӷәӷәақәа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа дырҭаауан. Икласс уада убриаҟара ицқьан, убриаҟара еиҿкаан, имгәааит, аха аҳәса ус ирызныҟәгомызт. Александр Гьаргь-иԥа 72 шықәса ракәын ихыҵуаз, аԥсуа изы ари ақәра рацәам, иҵегь илшоз ыҟан, аха алахьынҵа узаиааиуам. Ҳаибашьҩы ду, ҳарҵаҩ ду наӡаӡа ҳгәалашәараҿы даанхоит", - иҳәоит Гәырам Боџьгәуа.

© Foto / Саида ЖьиԥҳаАлександр Кьетиа, Роман Рабаиа, Витали Ажьиба
Ҳаибашьҩы ду, ҳарҵаҩ ду: Александр Кьетиа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Александр Кьетиа, Роман Рабаиа, Витали Ажьиба

Александр Кьетиа ахәыҷқәа рнаалашьа дақәшәон. Иара арҵаҩы иаҳасабала адагьы, абык иеиԥш дырзыҟан, амҩа иаша иқәиҵон, раԥхьаҟа иалырхуаз азаанаҭқәа рахьгьы ианхьаирԥшуаз ыҟан. Александр Гьаргь-иԥа ибзоурала ажурналист изанааҭ ала иахьа Санкт-Петербург аҵара лҵоит ҵаҩыс имаз Дариа Архипова.

"Сара салахәын ашколхәыҷқәа рыбжьара ажурналистцәа қәыԥцәа рзы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконкурс. Убасҟан сырҵаҩы Александр Кьетиа иеибашьратә мҩа иазкны сиҿцәажәеит. Уи аинтервиу актәи аҭыԥ иаԥсахан, Ҟрым алагерь "Артек" ахь ԥсшьара срышьҭит. Уи сара сзы ихҭыс духеит, иагьысыӡбеит сжурналистхоит ҳәа. Александр Кьетиа ишьҭа ду нижьит сара сыԥсҭазаараҟны, уи азы иҭабуп сҳәоит. Хаҭала сара исызгәакьоу ауаҩы дсыԥхеит, уи ахьаа ааигәа имӷьо ауп", - лҳәоит Дариа.

© Foto / Саида ЖьиԥҳаАлександр Кьетиа
Ҳаибашьҩы ду, ҳарҵаҩ ду: Александр Кьетиа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Александр Кьетиа

Александр Кьетиа ианашьоуп Леон иорден, "Иԥшьоу аҳ Александр Невски" иорден II аҩаӡара, иара убас "Кәыдрытәи аиҩхаа аҭарцәразы" амедал. Ирҵаҩратә ус азы изныкымкәа аҳаҭыртә шәҟәқәа рыла далыркаахьан Гагра араион ахадареи аҵара аҟәшеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0