Аҟәа Багаԥшь иашҭаҿы аӡыршә дыргылоит

© SputnikФонтан на площади Сергея Багапш
Фонтан на площади Сергея Багапш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2021
Анапаҵаҩра
2020 шықәса аԥхынразы Аҟәа ақалақь ахадара иаӡбеит Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршә ықәдыргыларц.

АҞӘА, жәабран 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амшын аԥшаҳәаҿы, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршә аргылараз аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа ахадара амуниципалтә усбарҭа "Аиқәыршәазаара" адиректор Саид Кур-иԥа.

"Аӡымҩангагақәа уаанӡагьы ишьҭаҳҵахьан. Уажәы иара аӡыршә ахаҭа аидкылара ҳаҿуп. Иааиуа амчыбжь азы иазԥхьагәаҭоуп аҩычаратә усурақәа", - ҳәа иҳәеит иара.

Аусурақәа мызкы ахы-аҵыхәала ихҳаркәшар ҟалап ҳәа иҳәеит Кур-иԥа.

Аханатә ари ашҭаҿы иазԥхьагәаҭаз ашәҭҭран. Аха аусурақәа ҳанрылага ашьҭахь ақалақь ауааԥсыра аҳәара ҟарҵеит ари аҭыԥ аҿы ашәҭҭра ацынхәрас аӡыршә ыҟазарц. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ақалақь ахадара архитектура аусбарҭа аиҳабы Светлана Шеменкова.

Ремонтные работы  на площади имени Сергея Багапш - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2020
Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршә ҟарҵар ҟалоит

Лара иазгәалҭеит аӡыршә аамҭалатәхар шауа. Иара анықәдыргыла ашьҭахь Сергеи Багаԥшь ибаҟа аԥҵаразы имҩаԥысуа аицлабраҿы аӡыршә ахьазԥхьагәаҭам апроект аиааира агар иқәгахар ҟалоит.

Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроект азы аицлабра рылаҳәан 2019 шықәса ԥхынгәымзазы.

Аусурақәа рыдкылара аҿҳәара инахан 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзанӡа.

Арзаҳалқәа рыдкылара анхыркәшаха ашьҭахь, анапынҵа ҟаҵан 2021 шықәса ажьырныҳәа 25 рзы апроекттә усурақәа рыдкылара хыркәшазарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0