Тҟәарчал араион аҟны амҩеи аҩнқәа ҩбеи ааха роуит адгьылҳәазара иахҟьаны

© Sputnik / Томас ТхайцукТҟәарчал араион аҟны амҩеи аҩнқәа ҩбеи ааха роуит адгьылҳәазара иахҟьаны
Тҟәарчал араион аҟны амҩеи аҩнқәа ҩбеи ааха роуит адгьылҳәазара иахҟьаны - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2021
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал ақалақьи араион ақыҭақәеи еимаздо амҩа аремонт азуны еиҭашьақәыргылан Аԥсны асаоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла.

АҞӘА, жәабран 1– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Тҟәарчал араион, Агәы-Бедиа ақыҭа аҟны амҩеи аҩнқәа ҩбеи ааха роуит адгьылҳәазара иахҟьаны ҳәа  Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Владислав Аршба.

Тҟәарчал араион ахадарахь адгьылҳәазара иахҟьаны анхарҭаҩны ааха шаиуз азы арзаҳал нашьҭын ажьырныҳәа 22 рзы, уи ашьҭахь аҽа ҭаацәаракгьы рырзаҳал нарышьҭит. Ишәарҭахаз аҩнқәа рҟынтәи ауаа рыуа-рҭахы рахь ицеит ҳәа иҳәоит Аршба.

"Арҭ аҭаацәарақәа рымаҭәа-рҩыҭәа аиагараҿ ҳрыцхрааит. Аамҭала рҭахцәа рҿы иҟоуп, аха азҵаара ӡбатәуп", - иҳәеит иара.

Аршба ишиҳәаз ала иахәҭаны иҟоу адокументқәеи афотосахьақәеи аиҳабыра рахь инашьҭуп. Иҳәазаз амҩа еиднакылоит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа ду, Агәы-Бедиа, Бедиа.

© Sputnik / Томас ТхайцукТҟәарчал араион аҟны амҩеи аҩнқәа ҩбеи ааха роуит адгьылҳәазара иахҟьаны
Тҟәарчал араион аҟны амҩеи аҩнқәа ҩбеи ааха роуит адгьылҳәазара иахҟьаны - Sputnik Аҧсны
1/4
Тҟәарчал араион аҟны амҩеи аҩнқәа ҩбеи ааха роуит адгьылҳәазара иахҟьаны
© Sputnik / Томас ТхайцукТҟәарчал араион аҟны амҩеи аҩнқәа ҩбеи ааха роуит адгьылҳәазара иахҟьаны
Тҟәарчал араион аҟны амҩеи аҩнқәа ҩбеи ааха роуит адгьылҳәазара иахҟьаны - Sputnik Аҧсны
2/4

3/4

4/4

"Чхәарҭал ақыҭагь ааигәоуп, аха уахь аҽа мҩак ала унеиуеит. Ус шакәугьы ақыҭауаа ари амҩа рхы иадырхәон Тҟәарчалҟа анеиразы. Егьи амҩала Очамчырантәи уеикәшаны унеир ауп", - иҳәеит Аршба.

Аршба иажәақәа рыла, уажәы агеологцәа иҟалаз мзызс иамоу ҭырҵаауеит, усутәқәас иҟаҵатәу иалацәажәоит. Арҭ аҭыԥқәа рҿы арельеф аҷыдарақәа амоуп. Макьаназ амҩа аиҭашьақәыргылара иаҭаху ахарџь рзышьақәыргылом, еилыркаауа усурақәас иҟаҵатәны иҟоу роуп иҳәоит Владислав Аршба.

"Аиҟәышьшьарақәа есыҽны ирыцлоит. Ақыҭақәа Тҟәарчал иаҿыгахеит. Авариатә амҩа ахәҭа шә-метрак рҟынӡа инаӡоит. Атранспорт зныҟәом", - иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ.

Бедиа ду ахада Џьумбер Харчлаа иазгәеиҭеит адгьылҳәазара апроблема акырҵуеит иҟоижьҭеи ҳәа. Уажәы илеиз ақәақәа аҭагылазаашьа еицәартәит ҳәа иҳәоит иара.

"Адгьылҳәазара иахҟьаны аӡымҩангагақәа ԥхасҭахеит. Урҭгьы аремонт рзутәуп. Адгьыл еснагь ишыҳәазо азгәаҭаны ԥхьаҟа иҟало атәы узҳәом. Афымцацәаҳәақәа зқәу ашьаҟақәа арҭ аҭыԥқәа ирцәырхараны ииаагеит", - иҳәоит Харчлаа.  

Тҟәарчал ақалақьи араион ақыҭақәеи еимаздо амҩа аремонт азуны еиҭашьақәыргылан Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла. Иақәхарџьын  60 миллион мааҭ. Аусурақәа мҩаԥысуан 2017 - 2020 шықәсқәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0